Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч ааира хыркәшоуп

Афымцамч аарышьҭуан жәабранмза алагамҭа инаркны, абри аамҭа иалагӡаны Аԥсны иаиуит 198,3 миллион киловатт-сааҭ.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Аҳәынҭеилахәыра "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит Урыстәылантә Аԥсныҟа афымцамч ааира шаанкылоу азы. Афымцамч ааира мҩаԥысуан жәабран 1 инаркны хәажәкыра 24 рҟынӡа. Абри аамҭа иалагӡаны Аԥсны иаиуит 198,3 миллион киловатт-сааҭ.

Аҩаша нахыс Егры ГЕС атәыла зегьы фымцамчыла еиқәнаршәоит.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауаз афымцамч ахә ахшәаахоит атәыла асоциалт—економикатә ҿиара иазынархоу Аинвестпрограмма ахарџь аҟынтә.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: