Ахьы иалхуп: Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымцалашара ахәԥса

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа далацәажәеит Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцалашара ахәԥсеи, иахьынӡаҳазхои ртәы.

АҞӘА, жәабран 12– Sputnik. Иахьатәи аамҭазы афымцалашара ҳхы ишаҳархәо ала Урыстәылантәи иаҳзаауа ҳазхараны иҟоуп хәажәкыра 14 рҟынӡа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Иԥхарахар, афымцалашара ахархәара лаҟәыргьы, иҟоу аҭҵаарақәа рыла урыстәылантәи иҳауа афымцалашара ахә 400 миллион мааҭ артәоит.

Кәарҷиа иажәақәа рыла аихшьаалатә хәыԥса макьаназ ашьақәыргылара уадаҩуп.

"Киловаттк ахәԥса – 2 мааҭк инаркны 3 мааҭк рҟынӡа ҳәа иԥхьаӡоуп. Аихшьаалатә хәыԥса макьаназ ашьақәыргылара уадаҩуп", - иҳәеит иара. 200 миллион киловатт сааҭ аиуразы шакәу аилацәажәара шыҟаз азгәаҭо.

Кәарҷиа иҳәеит Аԥсны абжа урыстәылатәи афымцамч шаиуа, егьи ахәҭа ЕгрыГЕС аҟынтәи шакәу ишаиуа.

ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афымцалашара иадҳәалоу ауадаҩрақәа аԥыхуп

Жәабран 1 - 10 рзы ареспубликаҿ ахархәара аҭан 90 миллион киловатт сааҭ. Иара абри ажәамш рыла иныхын 46 миллион киловатт сааҭ.

Абарҭ арбагақәа ирҿырԥшны иуҳәар ҟалоит мышкы 9,2 миллион мааҭ рыхә афымцалашара рхы иадырхәоит ҳәа (2 маҭк ҳәа иԥхьаӡахар), ма 13,8 миллион мааҭ (3 мааҭк ҳәа иԥхьаӡахар).

Афымцалашара ахә шәахоит ареспублика асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа аҟынтәи.

Кәарҷиа иажәақәа рыла уажәы ЕгрыГЕС аҭагылазаашьа акыр еиӷьуп. Ус шакәугьы аҳауатә ҭагылазаашьа ашьақәтәара акыр ихәарҭахоит.

Кәарҷиа ишиҳәо ала "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Урыстәылантәи иаауаны иахәҭоуп 270 миллион киловатт сааҭ.

"Уажәазы 200 миллион киловатт сааҭ ҳауразы аилацәажәара ыҟан. Иаанхо аивыга азы атәыла аиҳабыра аусура иаҿуп, аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0