АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Аҳәынҭеилахәыра "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит Урыстәылантә Аԥсныҟа афымцамч ааира шаанкылоу азы. Афымцамч ааира мҩаԥысуан жәабран 1 инаркны хәажәкыра 24 рҟынӡа. Абри аамҭа иалагӡаны Аԥсны иаиуит 198,3 миллион киловатт-сааҭ.
Аҩаша нахыс Егры ГЕС атәыла зегьы фымцамчыла еиқәнаршәоит.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауаз афымцамч ахә ахшәаахоит атәыла асоциалт—економикатә ҿиара иазынархоу Аинвестпрограмма ахарџь аҟынтә.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ахьы иалхуп: Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымцалашара ахәԥса