Аԥсны абизнесуаа акоронавирус аҿагыларазы 12 миллион мааҭ еизыргеит

Аԥхьаӡамҭа ҷыда аартуп Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрразы. Еизгоу аԥарақәа Аусбарҭабжьаратә штаб аӡбрала акоронавирус аҿагыларазы иаҭаххо аусмҩаԥгатәқәа рахь идырхоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны абизнесуаа акоронавирус аҿагыларазы 12 миллион мааҭ еизыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абизнесуаҩ, аԥшьгаҩцәа ируаӡәку Николаи Ачба.

"Изҭаху дарбанзаалак ари ауснагӡатә иҽалаирхәыр ҟалоит. Аԥхьанатә ҳара афонд аиҿкаара ҳагәҭакын, аха нас иҳаӡбеит аштаб аҿы аԥхьаӡамҭа аартра", - иҳәеит иара.

Николаи Ачба иҳәеит аԥарақәа Аԥсны аҩнуҵҟа мацара шакәу иахьеизырго, аҳәаанырцә уи аус амҩаԥгара напаларкит Москватәи аԥсуа диаспора.

Авирус аҽацәыхьчараз: Алла Белиаева ауааԥсыра абжьагарақәа рылҭоит

"Акоронавирус иаҿагылан ақәԥаразы аштаб аҿы ҳхаҭарнак дҟалоит. Уажәы ҳара еизаагоит аԥарақәа реихшаразы азыҳәақәа", - азгәеиҭеит иара.

Хәажәкыра 26 рзы анаплакыҩцәа Валери Бганба иԥылеит, иалацәажәеит Аԥсны акоронавирустә инфекциа COVID-2019 аҿагылара азҵаарақәа.

Аиԥылара алахәылацәа азааит русураҿы Агәабзиарахьчара аминистрреи дареи реинырра шхымԥадатәиу.

Абри ашьҭахь анаплакыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ иаԥырҵеит аԥарақәа риагашьа аилкаара ахьалшо аплатформа "Ҳара ҳаидгылоуп". 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: