АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Иахьазы Аԥсны аҵакыраҿы акоронавирус зыхьыз ҳәа аӡгьы дшьақәыргылам, абри азы адырра ҟаиҵеит Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа. Уи иааԥхьара зну авидео цәырнагеит Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб.
Уахыки-ҽнаки рыла атәылаҟны жәҩык ауааԥсыра рҭагылазаашьа ҭҵаан, урҭ ирзыҟарҵаз атест ишьақәнамырӷәӷәеит акоронавирус рылоуп ҳәа. Аҟәа аҳақьымцәа ирыдыркылаз хәҩык ОРВИ адиагноз рзықәыргылан.
Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иаку аҭелтә еимадарахь аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла иасит 200-ҩык ауааԥсыра.
Конџьариа иара убас зегьы иргәалаиршәеит аҭагылазаашьа ҷыда арежим иқәныҟәар шахәҭоу, зда ԥсыхәа ыҟам ак акәымзар, рыҩнқәа ирдәылымҵырц дрыҳәеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәа амилициатә постқәа ԥшьба аадыртит
Ареспубликатә хәышәтәырҭа "аихшаратә ҭыԥ" аполиклиникахь ииагоуп