АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә хәышәтәырҭа "аихшаратә гәыԥ" уажәы аполиклиникахь ииагоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа.
"Ҳхәышәтәырҭаҿ акарантин ыҟоуп. Ԥсыхәа змам ачымазцәа ҳадаҳкылоит. Апациентцәа реихшара мҩаԥаагалоит актәи аихагылаҿы. Ҳҳақьымцәа ишьақәдыргылоит ҳара ҳҟны зныжьра ауеи аҿкытә хәышәтәырҭахь инашьҭтәуи", - иҳәоит аҳақьым хада.
Ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа ишылҳәаз ала апациентцәа рыдкылара мҩаԥысуеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Ашьҭахь – аҿкыратә хәышәтәырҭахь.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иахьазы ишьҭоуп шәҩык рҟынӡа ачымазцәа, аиҳаракгьы ахирургиеи атерапиеи аҟәшақәа рҿы.
Хәажәкыра 26 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿаԥхьа "Аихшарҭатә қьала" аадыртит, ашоура змоуи измами реихшаразы.
Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоов ишиҳәаз ала, уи ақьала ахәыҷтәы поликлиника иарҭеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Апациентцәа рзы "аихшаратә пункт" аадыртуеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы
-
Џьапуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ашҭаҟны аихшаратә ҭыԥ аус шауло