Аԥсны акоронавирус зыхьыз аӡәы дшьақәыргылоуп

Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны аԥкратә уснагӡатәқәа алагалоуп, акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы, мшаԥы 8 инаркны Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа зынӡаск иадыркуеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аԥсны аҵакыраҿы раԥхьаӡа акәны акоронавирус зыхьыз ауаҩы дҟалеит, абри аинформациа шьақәлырӷәӷәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа мшаԥы 20 рҟынӡа зегьы рзы иаркхоит

Раԥхьатәи аԥкрақәа атәылаҟны иалагалан хәажәкыра 25 рзы, аҭагылазаашьа ҷыда аԥҵан хәажәкыра 28 рзы.

Аԥсни Карҭтәылеи рҳәаа аркуп хәажәкыра 13 раахыс, мшаԥымза 8 инаркны иаркхоит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа, ахаҿқәа зегьы рзы.

Акоронавирус аҽацәыхьчаразы Аԥсны иаԥҵоуп аоперативтә штаб, ахәышәтәырҭақәа рҟны иаартуп аҭыԥ ҷыдақәа авирус змоу ҳәа агәҩара ззыҟоу ауаа ахьрыдыркыло.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа инарықәыршәаны адунеи аҿы авирус ҿыц рыдбалоуп  миллионки 340 000-ҩык ауаа.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>