Аԥснытәи арҵаҩцәа ҩымш рыҩныҵҟа руалафахәы роураны иҟоуп

Аԥсны абиуџьеттә усхк аҟны аус зуа руалафахәы ашәара еиԥҟьара аиуам ҳәа адырра ҟаиҵеит афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны арҵаҩцәа зегьы руалафахәы роураны иҟоуп иааиуа ҩымш рыҩныҵҟа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Саид Гәбаз.

Аԥснытәи ашколқәа рҟны аԥсшьарамшқәа мшаԥы 20 рҟынӡа ирнахеит

"Иахьазы аулафахәы аиура аграфик иҭагӡаны арҵаҩцәа рԥарақәа рыҭоуп. Гал араион ада егьырахь аҭыԥантәи абиуџьетқәа инарықәыршәаны ишәахоит. Мшаԥы 9 рзы Аԥсны арҵаҩцәа зегьы руалафахәы роураны иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз.

Иара иҳәеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ауалафахәы зауа аҵаратә усбарҭақәа, иаҳҳәап алицеи-интернатқәеи апрофтехҵараиурҭақәеи реиԥш иҟоу, аграфик инақәыршәаны, амза 17 рзы ироураны ишыҟоу.

Егьырҭ абиуџьеттә еиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәагьы руалафахәы ԥкырада ироураны иҟоуп ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: