Аԥсны ашколқәа рҟны аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ашколқәа рҟны аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхуп
Аԥсны ашколқәа рҟны аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥкратә усмҩаԥгатәқәа аларҵәоуп акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, убри аҟнытә ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҿыцу аусҩмԥгатәқәа рзы аусдҵа инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба есышықәсатәи аиагаратә ԥышәарақәа раԥыхразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит 4-тәи - 8-тәи, 10-тәи аклассқәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Ашколқәа рҿы аԥсшьара аамҭа иахьацҵоу инадҳәаланы, 4-тәи - 8-тәи, 10-тәи аклассқәа рҿы аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхзааит", – аҳәоит аусԥҟа.

Хәажәкыра 25 инаркны мшаԥымза 7 рҟынӡа Аԥсны аԥкрақәа аларҵәоуп акоронавирустә ҿкы аҽацәыхьчаразы. Абыржәтәи аамҭазы иҟалом амассатә, акорпоративтә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара, ачараура. Агәырӷьаратә ныҳәақәа рымҩаԥгарҭа азалқәеи, ақьафурҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи аркуп.

Иара убас иҟалом абаџьдатә хәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәеи (диути-фри), ауаажәларратә крыфарҭақәеи, аџьармыкьа хадақәеи, амаҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи русура. Ауаажәларратә транспортгьы аусура аанкылоуп.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аҟәатәи иаарту аинститути, иара убас абжьаратә-профессионалтә ҵараиурҭақәеи рҟны аҵара аанкылоуп мшаԥымза 7 рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0