Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы жәҩык атестқәа ирхысит

Акоронавирус азы атестқәа ззыҟарҵо ари ачымазара аҟазшьақәа здырбало, мамзаргьы ичмазаҩыз иныруаз роуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла 9-ҩык ҳтәылауаа акоронавирус азы атестқәа ҟарҵеит. Урҭ рҟынтәи аӡәгьы авирус идрымбалеит ҳәа аанацҳауеит Аоперативтә штаб.

Урыстәыла акоронавирус ахәышәтәразы аметодика ҿыц аус адырулеит

Аштаб аҿы ишьақәдырӷәӷәеит атәылаҿы иахьатәи аамҭазы авирус зыдбалоу хҩык шракәу иҟоу. Убри аан руаӡәк игәабзиара ҭышәынтәалахьеит. Апациентцәа руаӡәк Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭоуп, лассы дҭырҩаараны дыҟоуп.

1925 шықәса рзы ииз авирус змоу аԥҳәыс лҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа азгәарҭеит аштаб аҿы. Лара ари адиагноз лзықәыргылан мшаԥы 11 рзы. Аԥҳәыс аԥхьа ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкуан, аха лгәырахәымра аицәахара иахырҟьаны уахь днаган. COVID-19 аҟынтәи ахәышәтәразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа лзыҟарҵоит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>