Урыстәыла акоронавирус ахәышәтәразы аметодика ҿыц аус адырулеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла акоронавирус ахәышәтәразы аметодика ҿыц аус адырулеит
Урыстәыла акоронавирус ахәышәтәразы аметодика ҿыц аус адырулеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европеи Америкеи аинтерес ркит агели ала авирус ахәышәтәра аметодика. Адепартамент аҿы иазгәарҭеит атехнологиа макьаназы ишексперименталтәу.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Москва, Склифосовски ихьӡ зху Ацхыраара ласы Аҭҵаарадырратә институт аҟны аус адулара иаҿуп агели ахархәарала акоронавирустә инфекциа аиааиразы аметодика ҿыц. Абри атәы аанацҳауеит Москва агәабзиарахьчара Адепартамент.

Коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла медицинатә хархәагақәак рганахь ала аԥкырақәа аларгалеит

"Аусумҭа аинтерес ркхьеит ЕАА, Франциа, Европа егьырҭ атәылақәа рҿы", - ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Агели арԥҳатә чымазарақәа раан ахархәара иара аҷыда ҟазшьақәа ирҿырԥшуп. Аҵарауаа ргәаанагарала, агели акоронавирус иахҟьар зылшо ауадаҩрақәа разԥхьагәаҭара алнаршоит.

Адепартамент аҿы иазгәарҭеит атехнологиа макьаназы ишексперименталтәу.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара хәажәкыра 11 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 ацәырҵра пандемиоуп ҳәа рыланаҳәеит. Аиҿкаара аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы авирус рыдбалоуп 2,47 миллионҩык.

Аԥсны акоронавирус аҿагылара иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0