Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы жәҩык атестқәа ирхысит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла жәҩык атестқәа ирхысит
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла жәҩык атестқәа ирхысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус азы атестқәа ззыҟарҵо ари ачымазара аҟазшьақәа здырбало, мамзаргьы ичмазаҩыз иныруаз роуп.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла 9-ҩык ҳтәылауаа акоронавирус азы атестқәа ҟарҵеит. Урҭ рҟынтәи аӡәгьы авирус идрымбалеит ҳәа аанацҳауеит Аоперативтә штаб.

Урыстәыла акоронавирус ахәышәтәразы аметодика ҿыц аус адырулеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла акоронавирус ахәышәтәразы аметодика ҿыц аус адырулеит

Аштаб аҿы ишьақәдырӷәӷәеит атәылаҿы иахьатәи аамҭазы авирус зыдбалоу хҩык шракәу иҟоу. Убри аан руаӡәк игәабзиара ҭышәынтәалахьеит. Апациентцәа руаӡәк Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭоуп, лассы дҭырҩаараны дыҟоуп.

1925 шықәса рзы ииз авирус змоу аԥҳәыс лҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа азгәарҭеит аштаб аҿы. Лара ари адиагноз лзықәыргылан мшаԥы 11 рзы. Аԥҳәыс аԥхьа ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкуан, аха лгәырахәымра аицәахара иахырҟьаны уахь днаган. COVID-19 аҟынтәи ахәышәтәразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа лзыҟарҵоит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0