Ақалақьтә транспорт лаҵара 4 рышьҭахь аусура иалагоит

Ақалақьбжьаратә транспорт аныҟәара шҳәаақәҵатәу ӡбахоит араионқәа рхадацәа алархәны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Ақалақьтә транспорт лаҵара 4 рышьҭахь аусура иалагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ҭамаз Ҵахнакьиа аоперативтә штаб аилатәара ашьҭахь.

"Сухумприбор" акрызҭиуа аусура алагаразы аҳәара ҟарҵеит

Аминистр ишиҳәаз ала, ақалақьбжьаратә транспорт аныҟәаразы аӡбра рыдыркылараны иҟоуп араионқәа рхадацәа алархәны.

Аԥкырақәа ирыҵарымкит аҽырԥшӡарҭатә салонқәа, ахцәыҟаҵарҭақәа, афитнес-центрқәа, аспорттә залқәа, SPA-салонқәа, асаунақәа, амассажҟаҵарҭатә салонқәа.

Афатәаалыҵтә џьармыкьа аус анауа амшқәа ирықәмыршәакәа аусура хацнаркраны иҟоуп амаҭәаҭирҭа џьармыкьагьы. Аџьармыкьа аусура аграфик аҳҭнықалақь ахадара ишьақәнарӷәӷәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: