"Сухумприбор" акрызҭиуа аусура алагаразы аҳәара ҟарҵеит

© Sputnik Томас ТхайцукСухумприбор
Сухумприбор - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 25 раахыс Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкыратә усмҩаԥгатәқәа алагалан, хәажәкыра 28 азы – аҭагылазаашьа ҷыда.

АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Ахәаахәҭратә комплекс "Сухумприбор" акрызҭиуа Аҟәа ақалақь ахада ихьӡала ашәҟәы нарышьҭит аусура алагара азин риҭарц. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәаахәҭаҩцәа ируаӡәку Мака Џьениаԥҳа.

Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик - Sputnik Аҧсны
Мчыбжьык ахьтә хымш: Аԥсны аџьармыкьақәа русушьа

"Аҽа шәҟәык, уа 200 инареиҳаны напынҵа ыҟоуп, атәыла ахада ихьӡала инаҳашьҭит иахьа. Ҳара ҳусура иаҳнаҭом алшара аԥара рацәа аизгара. Аҽыԥхьакратә режим амза ашьҭахь уаанӡа иҳамаз зегь нҵәеит. Ҳҭаацәарақәа амла иаҳцәакуеит уажәшьҭа" - лҳәеит лара.

Аԥкыратә аамҭа ахгаразы ма иахьазы иҟоу атауар ҭитәуп ҳәа лҳәеит Џьниаԥҳа.

"Ҳара ҳхы иадаҳҵоит асанитар-епидемиологиатә маҵзура аҭахрақәа зегьы рымҩаԥгара. Ҳԥара нҵәеит, иаҳҭиуа ҳахьыԥшуп. Ажәакала иуҳәозар, иахьа иҳауз иахьа иаҳфоит. Адәқьанқәа аартуп. Аус руеит. Урҭ ирҭир ҟалозар, ҳара иаҳҭир зыҟамлои" - лҳәоит арендатор.

Хара имгакәа ахәаахәҭра хацыркымхар ауаа амла иакуеит, лҳәоит лара.

"Ҳҭаацәарақәа аабароуп, сара астудентка дсымоуп. Лҵарахьы дызласышьҭуеи аԥара сызмырҳар. Ахәыҷқәа змоу ишԥаруа? Ҳара аулафахәы ҳауӡом. Хаԥышәала ахымҩаԥгара ҳҭахым, аха ҳусурҭа ҭыԥқәа ааҳартыроуп", - лҳәеит Џьениаԥҳа.

"Сухумприбор" аусзуҩцәа уажәы аренда ахәԥса шырымшәогьы рфинанстә ҭагылазаашьа даара ихьанҭоуп ҳәа азгәалҭоит лара.

Егьи қьырала аҭыԥ змоу, Сырма Џьынџьалԥҳа илҳәоит аԥкырақәа зегьы рықәныҟәалар шакәу.

"Аџьармыкьа акәша-мыкәша зегьы аус руеит. Ҳаргьы урҭ риеԥш аԥара ҳаур ҳҭахуп. Аӡәы иҟны изуа егьи иҟны изамуазеи. Исзеилкаауам. Акарантин зегьы рзы иҟазар акәӡами. Аҩнымаҭәаҭирҭа адәқьанқәаа ус руеит. Ауаа аҩнымаҭәа аархәозар, амаҭәа аума ирзаамхәо?", - ҳәа дҵаауеит лара.

Ауаа рацәа адәы ианықәу аусура ҟалом ҳәа аҳәара иашам ҳәа иазылыԥхьаӡоит лара.

"Абриак ауп сԥараагарҭа. Мааҭк ҳџьыба иҭамкәа аҩны ҳтәоуп. Аӡәгьы амала акгьы уиҭаӡом. Ианаму аџьармыкьа еиԥш мчыбжьык ахь хымш аус ааулароуп", - лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа мшаԥы 27 рзы аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит. Уа иазгәеиҭеит "Сухумприбор" арендаторцәа ашәҟәы шизынарышьҭыз.

"Ахадагьы адырра иҭоуп аха ахыбра аҩныҵҟа аҳауаҩнарсра ахьыуадаҩу азы акарантин нҵәаанӡа акомплекс ҳзаартуам", - иҳәеит Кан Кәарҷиа.

Хәажәкыра 25 раахыс Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкыратә усмҩаԥгатәқәа алагалан, хәажәкыра 28 азы – аҭагылазаашьа ҷыда.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0