Урыстәылауаа жәпаҩык рҽыԥхьакра ашьҭахь астресс рхыргарц Аԥсныҟа иаар рҭахуп

Аԥсшьараамҭазтәи аангыларҭатә ҭыԥқәа заанаҵы рҿаҵаразы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа ирырҭаз азҵаарақәа рыла иалыркааит аҽыԥхьакратә режим ашьҭахь урыстәылауаа ԥсшьара ацара ахьырҭаху аҭыԥқәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит акризис ашьҭахь урыстәыла ԥсшьара ҳәа инеирц ахьырҭаху аҭыԥқәа рыбжьара. Абри аҩыза адыррақәа еилнакааит Аԥсшьараамҭазтәи аангыларҭатә ҭыԥқәа заанаҵы рҿаҵаразы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru.

Гагреи, Аҟәеи, Пицундеи урыстәылауаа рыԥсы ршьар ахьырҭаху аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

"Атуристцәа реиҳараҩык Ҟрымҟа ацара ргәы аҳәоит (51.61%) акурортқәа анаартхалак ашьҭахь. 11,69% ҳзызҵааз Аԥсныҟа рхы дырхар рҭахуп, 10.48% — аӡиа Баикал алырхит, 10.08% — Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Tvil.ru азҵаарақәа рҭакс аԥсшьареи аҽыхәышәтәреи рзы еиҳа Алтаитәи атәылаҿацәа Карелиеи алырхит асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа (5.65%), Ставропольтәи атәылаҿацә (2.82%), Башкириа, Ленинградтәи аобласт (0.81%), Свердловтәи аобласт (0.4%).

Аҽыԥхьакратә режим ашьҭахь еиҳа аҽыхәышәтәрази аԥсшьарази иманшәалоу аҭыԥқәа жәаба:

1. Ҟрым - 51.61%

2. Аԥсны - 11,69%

3. Баикал - 10.48%

4. Краснодартәи атәылаҿацә - 10.08%

5-6. Алтаитәи атәылаҿацә, Карелиа - 5.65%

7. Ставропольтәи атәылаҿацә- 2.82%

8-9. Башкириа, Ленинградтәи аобласт - 0.81%

10. Свердловтәи аобласт - 0.4%

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, аԥснытәи ақалақьқәа 2020 шықәсазы атуристцәа заанаҵы анхараҭқәа ахьҿарҵаз аҭыԥқәа рсиа ианын. Арҭ адыррақәа еиднакылеит Tvil.ru.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: