Гагреи, Аҟәеи, Пицундеи урыстәылауаа рыԥсы ршьар ахьырҭаху аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

© Sputnik Константин ГрецовПобережье Пицунды
Побережье Пицунды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи зегьы акоронавирус апандемиа иамҽхакны ишамоугьы, урыстәылауаа аԥхынра аамҭа амшын аҿы ахгара мап рзацәкуам.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аԥснытәи ақалақьқәа 2020 шықәса рзы атуристцәа заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо акурортқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Абри аҩыза адыррақәа ҟанаҵеит аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru.

Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны - аԥсшьаразы иреиӷьу аҭыԥқәа жәаба рсиа иалоуп

Аиҳарак атуристцәа аҭаара рыгәҭакуп Новороссииск, бжьаратәла 31 мшы. Еиҳа аԥсшьараамҭа рхыргар ахьырҭаху аԥхьатәи абыжьба ирыҵаркуеит Андреевка, Портовое, Прибрежное (Ҟрым), Гагра, Пицунда, Аҟәа (Аԥсны).

Абар арҭ акурортқәа рсиагьы:

Новороссииск, Краснодартәи атәылаҿацә— 31 мшы

Гагра, Аԥсны — 16 мшы

Андреевка, Ҟрым — 15,7 мшы

Пицунда, Аԥсны — 14 мшы

Аҟәа, Аԥсԥны — 14 мшы

Портовое, Ҟрым — 14 мшы

Прибрежное, Ҟрым — 14 мшы.

Асиа шьақәыргылоуп атуристцәа 2020 шықәса рашәара 1 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа заанаҵы зыхә ршәахьоу азыҳәақәа инарықәыршәаны.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аҳәаа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0