Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара лаҟәит, аха ацлара иаҿуп

Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ иқәгылоу авеб-камерақәа мшаԥымзазы иадырбо аӡы аҩаӡара 418 - 420 метра иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 420 метра ыҟоуп, аха ЕгрыГЕС аусура аанкылам.

Акризис уацәшәартә иҟам: акарантин ЕгрыГЕС иамоу амчхареидара иацнаҵом

ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа иажәақәа рыла, агидроелектростанциа аусура аанкылам аӡы ацлара иахьаҿу иабзоураны.

"Агидроелектростанциа аусура аанкылам аӡы ацлара иахьаҿу инамаданы. Иахьазы аӡы аҩаӡара 418-419 метра иҟоуп, насгьы илаҟәуам", - ҳәа иҳәеит Мебониа.

Иара иажәақәа рыла, уажәы ашьхарахь асыԥса леиуеит. Аӡы иацлоит. Афымцамч ахархәарагьы аҳауа иаҿыԥшуеит. Иԥхаррахацыԥхьаӡа ахархәара еиҵартәуеит. Аҳауа аԥхарраан ахархәара 6,7 миллион киловатт-сааҭ еиҳам, ианыхьшәашәароу – 7,2 миллион киловатт-сааҭ.

2020 шықәса жәабранмзазы аенергетикатә кризис аҭыԥ аман. Усҟан аӡеизакырҭаҿ аӡы 420 рҟынӡа илаҟәырц акгьы агмызт.

Ареспублика аиҳабыра Урыстәыла аиҳабыра ирыҿцәажәеит уахьынтәи афымцалашара аашьҭразы. Афымцалашара аашьҭра хыркәшан хәажәкыра 24 рзы. Абри аамҭала Аԥсны иаиуит 198,3 миллион киловатт-сааҭ.

Егры ГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иқәгылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. ГЕС амчхара — 1300 мегаватт, аҳаракыра 272 метра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: