Арадио

Кәарцхьиа аԥкрақәа рзы: ауаа зегьы нзырҵәо ачымазара аҽацәыхьчатәуп

Дәрыԥшь ақыҭан инхо Игорь Кәарцхьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа рнапы злаку аусқәа, аҿкы чымазара иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа ишрықәныҟәо атәы.
Sputnik
Кәарцхьиа аԥкрақәа рзы: ауаа зегьы нзырҵәо ачымазара аҽацәыхьчатәуп

"Ақалақь аҿы иҟазгьы ақыҭахь рхы дырхеит. Ауҭраҭых, амхқәа уҳәа адгьыл иқәаарыхуеит. Атракторқәа ирышьҭалан ирыԥшаауеит, иааргоит ирцәаӷәоит. Ари аҿкы иахҟьаны амлакра ҟалар ҳәа ишәоит ауаа. Афатә азымхара ҟалом, аха излаархәо рмоур ҳәа иацәшәоит, ргәы ҭынчым. Аҳәаа иахыҵуа зегьы рхала, аҭагылазаашьа еилкааны рҽыԥхьаркроуп ҳәа исыԥхьаӡоит, ауаа зегьы нзырҵәо ачымазара аҽацәахьчатәуп. Ҳқыҭаҿы ацәгьа, абзиа ҳәа акгьы ҟамлац, аха ус аҩны аҩныҵра ҳақәшәахьеит. Избоит ажәлар иахьнеиуа рыҽнымкылацәакәа излауала хара-хара рыбжьаҵаны, идышшыланы ицоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарцхьиа.

Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: