Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭырқьба: иахьа аҭагылазаашьа злаҟоу ала, амхқәа лаҵатәуп

© Foto / предоставлено Анетой Тарба Рауль Тыркба
 Рауль Тыркба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ешыра ақыҭа инхо Рауль Ҭырқьба еиҭеиҳәеит егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны иугозар сынтәа амхқәа зцәаӷәо еиҳа ишырацәоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭырқьба амхы алаҵара иазкны

"Сынтәа амхқәа змоу ацәаӷәара иалагеит, саргьы хаҭала исцәаӷәеит, сынтәа аџьықәреи ласҵоит. Ари аҭагылазаашьа (акороновирустә ҿкы апандемиа - аред.) иахьа ишыҟоу ала, алаҵара аҭахуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аҩны ҳаҟоуп, анхара ҳнапы алакуп. Сынтәа ацитрусгьы бзианы ишәҭит, ҿыц еиҭаҳаны иҳамаз маҷк ахьшәашәарақәа рԥырхагахазаргьы, сынтәа аҽаҩра бзиахап ҳәа ҳазыԥшуп. Ақыҭаҿы инхо амла дакӡом аус иур", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭырқьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0