Аԥсны АҶА аусзуҩцәа агаранатаршәга аснариадқәа рбеит

Иахьазы ишәарҭоу амаҭәарқәа рырҭҟәацра мҩаԥнагоит Аԥсны АҶА, иара убасгьы аиҿкаара HALO Trust.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 5– Sputnik, Бадри Есиава. Агранатаршәга ВОГ-25 аснариадқәа ԥшьба рбеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Алашарбага араион аҿы аҭыԥ змаз амцакра арцәараан ҳәа еиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны АҶА апиротехника аҟәша аиҳабы Рамиз Цыгәба.

"Абылраан аснариадқәа руак ԥжәеит. Ҳара ҳаннеи, акәша-мыкәша зегь гәаҳҭеит. Убасҟан ауп иангәаҳҭаз егьырҭ аснариадқәагьы. Анцәа иџьшьаны, аӡәгьы акгьы имыхьит" ҳәа иҳәеит Цыгәба.

Иара иҳәеит ирыԥшааз аснариадқәа Алада Ешыра аполигон ашҟа иганы ишыԥжәаз. Цыгәба иажәақәа рыла, дара аибашьра ашьҭахь арахь иаанагеит.

Цыгәба ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит асеиԥш иҟоу амаҭәарқәа змоу иахьырбалак икармыжьларц, аҟазауаа арыԥхьарц.

Иахьазы ишәарҭоу амаҭәарқәа рырҭҟәацра мҩаԥнагоит Аԥсны АҶА, иара убасгьы аиҿкаара HALO Trust.

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа агаранатаршәга аснариадқәа рбеит

Агранатаршәга ВОГ-25 аснариадқәа ԥшьба рбеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Алашарбага араион аҿы аҭыԥ змаз амцакра арцәараан.

Аснариадқәа ари аҭыԥ иахыган аполигон ахь иргеит рыԥжәаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: