Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гындиа еиҭеиҳәеит аибашьра иацәынхаз арҭҟәацгақәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© SputnikСаатбей Гиндия
Саатбей Гиндия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иацәынхаз арҭҟәацга маҭәашьарқәа шаҟа лассы ирԥыхьашәо атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гындиа арҭҟәацгақәа ирызкны

"Асатистикатә рбагақәа рыла 2017 шықәсазы 86 аҭыԥахь ҳнеит, иԥшаан арҭҟәацга маҭәашьарқәа 155. Урҭ аибашьра еилгеижьҭеи аҭыԥаҟны ишьҭаз роуп. Иҟоуп аибашьцәа аветеранцәа ахәыҷқәа ирыцәшәаны абнаҟны ианышьҭарҵогьы. Иаагозар, Приморск аӡаҟны ааигәа ирбаз агранатаршәга иатәу арҭҟәацгақәа иҿыцӡа иҟоуп, урҭ ма аӡы иаларыжьит, мамзаргьы амшын. Ихысны ианыҟоу агранатаршәга артҟәацга иаҳа ишәарҭоуп, ус ишьҭаз аасҭа. 2018 шықәсазы 84 адырра ҳауны аҭыԥқәа рахь ҳахьнеиз 188 арҭҟәацга маҭәашьарқәа еиҵаҳхит, 2019 шықәсазы 74 ҭыҵра раан иҳаԥшааит 816 цыра. Ҳауаажәлар ари азҵаара зҿлымҳарала иазнеиуеит, ианырбалак адырра ҟарҵоит, зны-зынла аҭыԥгьы рыхьчоит АҶА аусзуҩцәа неиаанӡа", - иҳәеит Гындиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0