Урыстәылатәи аруаа лаҵара 9 рзы Аԥсны ақалақьқәа амузыка арҳәо ирылсуеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра аныҳәатә уснагӡатәқәа Аԥсны иԥкуп акоронавирус аламырҵәара инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аруаа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра амш аҽны арратә ашәақәа ҳәо, амузыка арҳәо, арратә машьынақәа ирықәгыланы Аԥсны ақалақьқәа ирылсраны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

ЖәАА "Россия сегодня" амедиафасад аҟны Аиааира апарад днарбоит

Ареспублика амҩаду хадақәа ирнысуеит аидарамҩангага машьынақәа КамАЗ, Урал, Аџьынџьтәылатә еибашьҩы иформақәа рышәҵаны аруаа рықәгыланы, авинтовкақәа, Аиааира абираҟқәа кны.

Атехника аколонна мҩанысуеит ашәақәа: "Жди меня", "В лесу прифронтовом", "Вечер на рейде", "День Победы", "Вот солдаты идут" уҳәа егьырҭгьы арҳәо.

Аруаа аветеранцәа ирыдныҳәалоит, иҭахаз рмемориалтә комплексқәа рахь инеины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: