Аслан Бжьаниа аветеранцәа Аиааира 75-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа инапынҵала, Аиааира амш аҽны асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны аветеранцәа ирҭаараны иҟоуп Аԥсны анапхгара рхаҭарнакцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа.

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәеи ареспублика ажәлари ирыдиныҳәалеит Аиааира амшныҳәа.

Всероссийская акция Георгиевская ленточка - Sputnik Аҧсны
Бжьаниеи Путини Аиааира 75-шықәса ахыҵра рыжәларқәеи дара-дареи ирыдибаныҳәалеит

Аслан Бжьаниа аветеранцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз рфырхаҵараз, ауаатәыҩса афашизм иахьацәырыхьчаз азы.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира зчаԥоз иреиуоуп 55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык ҳзеиԥш тәыла ду ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Ҳ-Аԥсны хәыҷы иалиааз 22-ҩык Асовет еидгыла иафырхацәоуп, Ахьӡ-аԥша аорден ранашьоуп хҩык. 30 000-ҩык инареиҳаны еиуеиԥшым аҳамҭақәа ранашьоуп", - ҳәа аҳәоит ахада инашьҭымҭа.

Ахада иазгәеиҭеит акоронавирустә инфекциа ацәшәаразы сынтәа Аиааира ду амшныҳәа иазку ауснагӡатәқәа шаанкылоу.

Иара агәрагара имоуп аветеранцәа иҟоу аҭагылазаашьа еилыркаап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:



Ажәабжьқәа зегьы
0