Адепутаттә комиссиа атәылауаҩшәҟә-визатә маҵзура аусура агәаҭара иацнаҵоит

Лаҵара 13 рзы Апарламент аҟны иалацәажәан Аԥсны ААР атәылауаҩшәҟә-визатә маҵзура аусура гәазҭоз адепутаттә комиссиа аусура ахыркәшара азҵаара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Адепутаттә комиссиа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаҩшәҟә-визатә маҵзура аусура агәаҭара иацнаҵоит, аусура ахыркәшара азҵаара амшхәаԥштә азҵаара иалхын.

Ахада инапынҵақәа назыгӡо ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азҵаара далацәажәеит

"Иҟоуп ҩ-материалк Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь инашьҭтәу. Урҭ уаанӡа Апрокуратура хадахьы инашьҭын. Сгәы иаанагоит урҭ аматериалқәа аус рыдулашьазы адырра ҳарҭап ҳәа. Ԥхьаҟатәи асессиаан акомиссиа аусура хҳаркәшап", - иҳәеит адепутат Каха Пертаиа, азҵаарагьы уажәазы иқәхызарц аҳәара ҟаиҵеит.

Адепутаттә комиссиа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаҩшәҟә-визатә маҵзура аусура агәаҭаразы 2018 шықәса ԥхынгәымзазы ишьаҭаркын. Уи мзызс иамаз амаҵзура аилагарақәа иҟанаҵо рзы хыԥхьаӡара рацәала ашшыԥхьыӡқәа ахьыҟаз ауп.

2020 шықәса жәабранмзазы адепутатцәа иазгәарҭеит Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа закәаншьаҭада 1992-1993 шықәсазы Қырҭтәыла иадгыланы Аԥсны еибашьуаз ауаа ишрыҭоу. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит адепутат Дмитри Дбар.

Иара иҳәеит акомиссиа иара убасгьы иаанарԥшит амаҵзура аусура иашамкәа ишымҩаԥнаго, ауаа ианаамҭоу ртәылауаҩшәҟәқәа шырмоуа, аӡбарҭақәа рыӡбарақәа шынармыгӡо.

Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба усҟан иҳәеит адепутаттә зыҳәа шьаҭас иҟаҵаны Апрокуратура хада ԥшьҩык ауаа закәаншьаҭада аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара афакт шҭырҵаауа.

Закәаншьаҭада Аԥсны атәылауаҩшәҟә аҭаразы иаанкылаз Вадим Кәаӡба доушьҭуп

Жәабран 21 рзы Апрокуратура хада асаит аҟны ицәырган аинформациа Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа закәандарыла рыҭаразы Апрокуратура хада ашьаус хацнаркуеит ҳәа.

Ашьаус хацыркын Аԥсны ААР Атәылауҩшәҟәытә усбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Кәаӡба, Афонҿыцтәи Атәылауаҩшәҟәытә усбарҭа аинспектор хада Фатима Џьениаԥҳа, абри аус иалахәуп ҳәа агәҩара ззыҟоу Гурам Кәыҵниеи Лолита Ҳалуашьԥҳаи рганахьала.

Вадим Кәаӡба жәабран 25 рзы даанкылан, аха хәажәкыра 4 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ихы дақәиҭнатәит. Уи иахашшааит Апрокуратура хада. Хәажәкыра 14 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа иашоуп ҳәа иашьеит.

Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара хацыркын 2016 шықәса рзы. Адокумент ахьчара ҳарак амоуп, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәоит. Иазырхиоуп урыстәылатәи анаплакы "Гознак" аҿы.

Атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара ҵаҵӷәыс иаман уаанӡа массала ақырҭуа уааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара апроцесс аҭыԥ ахьамаз азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: