Закәаншьаҭада Аԥсны атәылауаҩшәҟә аҭаразы иаанкылаз Вадим Кәаӡба доушьҭуп

© Sputnik Сария КварацхелияКак в Псху оформляют новый абхазский паспорт
Как в Псху оформляют новый абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вадим Кәаӡба 2020 шықәса хәажәкыра 5 рҟынӡа даанкылан. Заанаҵтәи аҭҵааратә усбарҭа ари аԥкра еиҭацҵахарц азыҳәа аҟаҵара агәҭакуп.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡыбрала Аԥсны ААР апаспорттә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, закәаншьаҭада атәылауаҩшәҟә аҭаразы иаанкылаз Вадим Кәаӡба, доушьҭуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Вадим Квадзба  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР апаспорттә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ даанкылоуп

"Ирыдкылоу аӡбамҭа заанаҵтәи аҭҵааратә усбарҭа ақәшаҳаҭым, хымш рыҩныҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиахь уи аиҭакразы азыҳәа анашьҭра агәҭакуп", - рҳәоит Апрокуратура хадаҿы.

Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит Аԥсны ААР апаспорттә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Кәаӡба иганахь ала аусҭҵаара шхацнаркыз Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа.

Заанаҵтәи аусҭҵаарала амилициа аполковник Вадим Кәаӡба Украина атәылауаҩ Олег Мыльцев Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟә иҭараан имаҵзуратә напынҵақәа ихы иаирхәаны 10000 доллар иоуит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Ари аус иалахәуп ҳәа агәаанагара рзыҟоуп Фатима Џьениеи Лолита Ҳалуашьи.

Вадим Кәаӡба 2020 шықәса хәажәкыра 5 рҟынӡа даанкылазарц аӡбамҭа рыдкылан 2020 шықәса жәабран 21 рзы.

Апрокуратура хада аҳәара ҟанаҵахьан иара 2020 шықәса мшаԥы 21 рҟынӡа даанкылазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0