Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа раԥхьаӡа акәны ареанимобиль аиуит

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахәыҷтәы хәышәтәырҭазы иаанахәаз ареанимобиль ахәԥса 9 050 700 мааҭ ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ацхыраара ласы ареанимобиль аиуит. Иара еиқәыршәоуп ҿыц ииз ахәыҷы иеиҭагара алзыршо амобил-реанимациатә комплекс ала ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа раԥхьаӡа акәны ареанимобиль аиуит

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит ари аҩыза атранспорт амедицинатә усзуҩцәа рзы ишыцхыраагӡа дуу.

"Ҳаамҭа иақәшәо ареанимациатә комплексқәа рымазаара акыр ихәарҭоуп амедицина зегь аиԥш, ҷыдала анеонатологиа азгьы", - иҳәеит иара.

Ареанимобиль аахәоуп аусҳәарҭабжьаратә хықәкытә программа "Аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи рзы амаҵзуратә транспорт аахәара" инақәыршәаны.

2020 шықәса рзы ари апрограмма аԥаразоужьразы иазԥхьагәаҭоуп ареспубликатә биуџьет аҿы 15 миллион мааҭ ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: