Чаӷрыԥшь аӡиас иху ацҳала аныҟәара еиҭашьақәыргылахоит лаҵара 14 рзы

Ацҳа аиҭашьақәыргылара ҩымз рҟынӡа иадхалеит, ахәԥса ф-миллионк артәеит. Аԥарақәа атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоушьҭын.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Чаӷрыԥшь аӡиас иху ацҳала аныҟәара еиҭашьақәыргылахоит лаҵара 14 рзы ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз "АЕ "Аԥсныҟәарахьчара" аиҳабы Игор Казанба.

Гагра ақалақь зеиларҭәа еидыҵыз ацҳа аиԥшьырсҭа аҭарҭәара иалагеит

Иара иажәақәа рыла, ацҳа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ҩымз инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Аусурақәа раан игәаҭан ацҳа агәҭатәи ашьаҟа аԥхасҭа шамаз, ақәқәа еивҟьаны ишыҟаз, уи иалшон ацҳа Урыстәыла-Аԥсны аҳәааҟынтәи атәыла агәахьы атранспорт зынӡаск ахархәара ҟамло аҟынӡа анагара.

"Асмета аекспертиза ианахырга ашьҭахь "Аԥсныҟәарахьчара" аусурақәа ирылагеит. Ацҳа аганкахьала аныҟәара аанкылан, аремонт ишахәҭаз иҟаҵан, ақәқәа рӷәӷәан. Абри аҭыԥ аҿы акаҭран ықәҵан", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Ацҳа аиҭашьақәыргылара ҩымз рҟынӡа иадхалеит, ахәԥса ф-миллионк артәеит. Аԥарақәа атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоушьҭын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: