Гагра ақалақь зеиларҭәа еидыҵыз ацҳа аиԥшьырсҭа аҭарҭәара иалагеит

© Фото : Саида АжибаГагра ақалақь зеиларҭәа еидыҵыз ацҳа аиԥшьырсҭа аҭарҭәара иалагеит
Гагра ақалақь зеиларҭәа еидыҵыз ацҳа аиԥшьырсҭа аҭарҭәара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь амҩаргыларатә усбарҭа №2 аиҳабы Лев Ҳагәышь ааха зауз 110 метра иҟоу ацҳа аиԥшьырсҭа аҭарҭәара ауснаӡатә шымҩаԥысуа атәы дахцәажәеит

ГАГРА, абҵарамза 25 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи амҩаргыларатә усбарҭа №2 аусзуҩцәа шьыжьнаҵы нап адаркит, 110 метра иҟоу ацҳаҟны, зеиларҭәа еидыҵыз аиԥшьырсҭа аҭарҭәара.

Ари ацҳа ақалақь иалгоуп аҟнытә, арантәи ииасуа еиҳараӡак амашьына хьанҭақәеи автобусқәеи роуп. Убри аҟнытә ацҳа аиԥшьырсҭа злеибаркыу аиларҭәа амчхара ҳаркы азышьҭымхкәа еидыҵуеит.

"Сынтәа ари аиԥшьырсҭа хынтәны еилаҳарҭәоит. Гагратәи амҩаргыларатә усбарҭа №2 аспециалистцәа ари аус ибзианы ирдыруеит аҟнытә, лассамҭа ҳадымхалакәа, амашьынақәа рныҟәара ишашьцылахьоу еиԥш иалҳаршоит. Аха уи иаанагаӡом, ари апроблема ҩаԥхьа ицәырҵуам ҳәа", — азгәеиҭеит Гагра ақалақь амҩаргыларатә усбарҭа №2 аиҳабы Лев Ҳагәышь.

Ари ацҳа, Гагра араион аҟны, зегь реиҳа аура ҳаракы змоу ауп. Есыҽны араҟа иқәсуеит зқьыла амашьына хьанҭақәа. Убри аҟнытә, егьа ахарџь рацәа агаргьы, шьаҭанкыла иаԥыхтәуп ицәырҵуа апроблема.

Ажәабжьқәа зегьы
0