COVID-19 змоу Аԥсны атәылауаҩ иҭагылазаашьа далацәажәеит

Асабша, лаҵара 16 рзы акоронавирус шрымаз шьақәдырӷәӷәеит даҽа хҩык ҳтәылауаа, урҭ рҟынтәи ҩыџьа лаҵара 5 рзы Шәачантәи иааит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахаҵа Урыстәылантәи дааит хымз раԥхьа, иԥҳәыси иԥҳаи Шәачантәи ихынҳәит лаҵара 5 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит COVID-19 зманы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу ахаҵа.

Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар

Иара иажәақәа рыла, мышқәак ахьҭа илалазшәа ихы ибон азы Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭахь днеит, уи аан иара издырамызт акоронавирус шимаз.

"Ахәышәтәырҭаҿы срыԥҳақәа ирзыӡырҩит, асахьа ҭырхит – ицқьоуп рҳәеит. Нас аҿкыхәышәтәырҭахь срышьҭит. Уа атест сзыҟарҵеит. Уи авирус шсымаз шьақәнарӷәӷәеит", - еиҭеиҳәоит иара.

Апациент ашьақарчымазара имоуп, убри азы Урыстәыла ицәынхаз арԥҳақәа рзы аппарат ҷыда имазароуп.

"Аҳәаа адыркит, саргьы аппаратда саанхеит. Уажәшьҭа сбыргуп, ачымазарақәа сызцәырҵлоит. Сыԥҳаи сыԥҳәыси акоронавирус рыдубало иҟамызт сара ахәышәтәырҭахь снанагаанӡа", - иҳәоит иара.

Ахаҵа иԥҳаи иԥҳәыси адиагноз COVID-19 рзықәыргыланы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ ишьҭарҵеит. Аԥсны атерапевт хада Анжела Арчелиаԥҳа лажәақәа рыла, ахаҵагьы аԥҳәысгьы ҩ-ганктәи агәаҵәкра рымоуп, рыԥҳа ус акгьы лыдубало дыҟам.

Аԥҳәыс лыԥҳаи лареи лаҵара 5 рзы аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысит.

"Аҳәааҿы игәарымҭаӡеит. Дара еснагь аҩны иҟан, џьаргьы идәылҵуамызт. Асанитартә гәаҭара ҳәагьы аӡәгьы даҳзымнеит", - иҳәеит аҭаацәа реиҳабы.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атест аҭак ҿырҳәала ишидырдырыз, документ ҳәа акгьы шимам. Даҽа знык атест ахысра шиҭаху азгәеиҭеит.

Ҭаацәарак иатәу хҩык ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп Аԥсны

"Схы цәгьамкәа избоит. Аҳақьымцәа сывагьежьуеит, иахәҭоу зегь ҟарҵоит. Сыԥсыԥлагаҩагара ахьысцәыуадаҩу азы аппарат ИВЛ саҵаиоуп. Сыԥҳаи сыԥҳәыси акгьы ианхьаауам. Сыԥҳәыс агәаҵәкра бымоуп ҳәа ларҳәеит, аха ашоура лымам", - иҳәеит иара.

Иара мап ахиҳәааит ауаа рацәа ахьеизоз, аԥсра-абзара рҟны дыҟазшәа ирҳәо.

Хҩык ҭаацәарак аҟынтә ачымазара рымоуп ҳәа аинформациа аоперштаб аҟынтәи лаҵара 16 рзы иҟан. Дара зегьы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инаган.

Адунеи аҿы апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 рыхьхьеит 20-ҩык ҳтәылауаа. Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз рыхәҭак Урыстәылантәи иааз аԥсуа студентцәа роуп, даҽаӡәы - Даӷьсҭанынтәи иааз Абыжьбатәи аурыс база аррамаҵзурауаҩ иоуп, уи ашьҭахь акоронавирус рыхьит ҳәа ирылаҳәаз ҩыџьа Москвантәи иааз Бамбора инхо атәылауаа роуп, аҵыхәтәаны акоронавирус злаҽыз хҩык Аҟәа иқәынхо Шәачантәи иааз ҭаацәарак роуп.

Мшаԥымзазы Аԥсны акоронавирус рыдбалан хҩык Гагра ақалақьуаа. Ҩыџьа ргәы бзиахеит, 1925 шықәсазы ииз ахԥатәи ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәырԥхьар ҟалоит абра>>