Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар

© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар
Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, аҳақьымцәеи акоронавирус аҿагыларазы аоперативтә штаби ауааԥсыра аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәаларц рабжьыргоит.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсны амедицина акгьы алшом ауааԥсыра аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар, акоронавирус алаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара ҭакԥхықәрада, хырҩа аҭаны азныҟәара иаҟәымҵыр лҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.

"Аҳәара ҟаҳҵоит - ауаа ҩ-метрак адистанциа рыбжьазарц, ауаа рацәа реизара алдмыршарц, асабрадақәа рхарҵаларц. Ус ҟаҳамҵалар, амедицина иалшо ҳәа акгьы ҟалом, ачымазара ҳзаанымкылакәа ҳамҽханакуеит", - лҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада.

Убри аан Инга Ҷанԥҳа ауаа ргәы рҽадмыргакәа аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәаларц дрыҳәеит, убри алагьы иузмырҽеиуа аҭагылазаашьа аԥырҟәҟәаара шрылшо лҳәеит. 

Лара ауааԥсыра иргәалалыршәеит акоронавирустә инфекциа раԥхьаӡа иргыланы зықәрахь инеихьоу, еиуеиԥшым ачымазарақәа зцәа иалоу ауаа рзы ишшәарҭоу. 

Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, Гәдоуҭа араион асанитартә маҵзура аусзуҩцәа агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟынтәи ишроуа аҳәаа иахысуа атәылауаа рзы аинформациа, анаҩс урҭ аҽыԥхьакрахь ицаз ауаа ҭелла рыҽрымаданы ишрацәажәо, аҽыԥхьакраҿы рыҟазаара хымԥада ишаҭаху шреилдыркаауа. 

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Ҭаацәарак иатәу хҩык ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп Аԥсны

Иара убасгьы лара инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа шымаауа, уи азы асоциалтә ҳақәа рҟны аинформациа шьоукы ишаладырҵәогьы. 

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 рыхьны иҟоуп 17-ҩык ачымазцәа. Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз рыхәҭак Урыстәылантәи иааз аԥсуа студентцәа роуп, даҽаӡәы - Даӷьсҭанынтәи иааз Абыжьбатәи аурыс база аррамаҵзурауаҩ иоуп, уи ашьҭахь акоронавирус рыхьит ҳәа ирылаҳәаз ҩыџьа Москвантәи иааз Бамбора инхо атәылауаа роуп, аҵыхәтәаны акоронавирус злаҽыз хҩык Аҟәа иқәынхо ҭаацәарак роуп, урҭ Шәачантәи иааит.

Мшаԥымзазы Аԥсны акоронавирус рыдбалан хҩык Гагра ақалақьуаа. Ҩыџьа ргәы бзиахеит, 1925 шықәсазы ииз ахԥатәи ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0