Ҭаацәарак иатәу хҩык ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп Аԥсны

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус ахҭыс ҿыцқәа хԥа аарԥшуп Аԥсны, ахҩыкгьы ҭаацәарак иатәуп. Иааидкыланы иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 42-ҩык агәаҭара иахысит.

АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Хҩык ауааԥсыра рыла ишьақәгылоу Аҟәатәи аҭаацәара акоронавирустә чымазара ҿкы ркит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Глава МЧС Лев Квициния встретился с родителями курсантов, обучающихся в вузах РФ - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр акурсантцәа рҭаацәа дырԥылеит

"Ахҩыкгьы ҭаацәарак иатәуп – аби, ани, аԥҳаи роуп, Аҟәатәиқәоуп. Ааигәа Шәачантә иааит. Аԥҳәыс ҩ-ганкахьтәи агәаҵәкра лымоуп, ахаҵа иԥсыԥлагаҩагара ауашәшәырара ацуп, аԥҳа уажәазы ачымазара уадаҩрада илхылгоит. Апациентцәа зегьы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп", – ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Абасала, иахьазы атәылаҿы COVID-19 ахҭысқәа 17 ашәҟәы иҭагалоуп. 13-ҩык – Урыстәылантә ихынҳәыз астудентцәа роуп, аӡәы – Даӷьсҭанынтә иааз абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаҩ иоуп, нас ҿыц иацлаз ҭаацәарак иатәу ахҩык.

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳтәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа акыр иахьеицәахаз аҟнытә, даара аҳәара ҟаҳҵоит акарантини ахыԥхьакреи арежимқәа шәрыцәхьамҵырц, ԥсыхәа ахьынӡамоу шәыҩны шәыҟазарц", – ҳәа азгәаҭоуп аштаб ааԥхьараҿы.

Мшаԥымзазы Аԥсны акоронавирус рыдбалан хҩык Гагра ақалақьуаа. Ҩыџьа ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. 

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0