Аԥсны абылтәы ахә каҳаит

Абылтәыҭирҭатә еилахәырақәа иазыԥхьагәарҭаӡом аалыҵ ахә ахьынӡалаҟәу аамҭа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Аԥсны абылтәы ахә еиҵахеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзураҿы лаҵара 18 рзы.

"Амашьынақәа абылтәы ахьырҭарҭәоу аҭыԥқәа рҿы ахәқәа ладырҟәуа иалагеит избанзар излаарго ахәқәагьы еиҵахеит адунеи аҿы иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы. Аха макьаназы асеиԥш иахьынӡаҟало атәы аҳәара уадаҩуп", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аилахәыра "Аԥсныбылтәы" адиректор хада ин.н. Валери Арӡынба иҳәеит дара х-былтәы хкык шырҭиуа.

Мшаԥымзазы алагалақәа лаҟәит: ашәахтәқәа рзы аминистри аԥыза-министри еилацәажәеит

"Абензин АИ-92, АИ-95, адизельтә былтәи. АИ-92, АИ-95 ҩ-мааҭк рыхә иагхеит, адизельтә былтәы – мааҭк. Ҳара аилахәыра "Роснефть" аус ацаауеит. Дара рыхә анеиҵартә ҳаргьы ҳәарада иагҳархеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Хымш раԥхьа АИ-92 литрак 39 мааҭ иаԥсазтгьы, уажәы – 37 мааҭ иаԥсоуп, АИ-95 41 мааҭ иаԥсан, уажәы – 39 мааҭ, адизельтә акәзаргьы 40 рҟынтәи 39 рахь илеиит.

"Ари аиҳарак изыдҳәалоу Урыстәыла абылтәы ахә алаҟәхароуп. Уи аамҭала ишышьақәхаша атәы ҳазҳәом", - ҳәа иҳәоит Арӡынба.

ИАЕ "АЗиД" аҿгьы ирҳәеит иаарго абылтәы ахә алаҟәра аҭиратә хәы ишахьыԥшу. Абас ала АИ-92 2,5 мааҭк рыла ахә еиҵахеиттт –38,50 мааҭ иаԥсоуп, АИ-95 – 2 мааҭк рыла ахә еиҵахеит - 41 мааҭ еиҵоуп.

95 S-Drive 42,50 мааҭ иаԥсоуп, АИ-100– 47 мааҭ. Араҟагьы иазгәарҭеит зыԥхьагәаҭарак аҟаҵара шыуадаҩу.

2018 шықәса рзы Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылеит анефҭаалыҵқәа рыҭиратә хәқәа. Урҭ иахьанӡа еиҭакра дук рымамызт. Убас. абензин "Регуляр" – 92 41 мааҭ иаԥсан, абензин "Премиум" – 95 –43 мааҭ. Иааидкылан рыҭираан 38; 39 мааҭ (500 000 литра еиҵамкәа зныкала агараан).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: