АҞӘА, лаҵара 21- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә еилакқәа хԥа рхадацәа аиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
Аусдҵа инақәыршәаны:
- Кама Гогьиаԥҳа астатистиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
- Савели Ҷыҭанаа – Аекологиаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
- Беслан Ҳалуашь – аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
Ҩыџьа ахантәаҩцәа уаанӡатәи рҭыԥқәа рҿы иаанхеит. Савели Ҷыҭанаа – Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан 2014 шықәса рзы, Кама Гогьиаԥҳа Астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан - 2015 шықәса рзы. Беслан Ҳалуашь раԥхьаӡа акәны аилак данапхгаҩхеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аслан Бжьаниа Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура шьақәирӷәӷәеит
Хымз аиҭакрақәа рзы: аҭоубашьҭаҵара ашьҭахьтәи ашьаҿақәа