Аԥсны ахада иусдҵала аилакқәа рхантәаҩцәа алхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров республики Абхазия
Кабинет министров республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакқәа рхадацәа рыҟаҵаразы аусдҵа анапы аҵаҩуп лаҵара 20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 21- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә еилакқәа хԥа рхадацәа аиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Аусдҵа инақәыршәаны:

  • Кама Гогьиаԥҳа астатистиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
  • Савели Ҷыҭанаа – Аекологиаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
  • Беслан Ҳалуашь – аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп.

Ҩыџьа ахантәаҩцәа уаанӡатәи рҭыԥқәа рҿы иаанхеит. Савели Ҷыҭанаа – Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан 2014 шықәса рзы, Кама Гогьиаԥҳа Астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан - 2015 шықәса рзы. Беслан Ҳалуашь раԥхьаӡа акәны аилак данапхгаҩхеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0