Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп

Апандемиа ааҟалазар ареспубликаҿы 25-ҩык авирус рыхьхьеит. Фҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. Иахьазы ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" имҩаԥнагоз апресс-конференциаҿы лаҵара 22 рзы.

"Ҳара есыҽны астудентцәа авирус рылоу ирыламу игәаҳҭон. Дара зегьы еиҿкаарыла аҳәааҟынтәи иааганы акарантин иахҳажьит. Ус шакәызгьы, 16-ҩык авирус рыдбалан. Урҭ рҟынтәи иҟоуп ахәышәтәырҭаҟынтәи илҩаау, иҟоуп макьаназ зыхәышәтәра иаҿу", - иҳәеит иара.

Аобсервациа иахысуеит авирус змоу ирныруа амедусзуҩцәагьы.

"Ачымазцәа ирныруа амедусзуҩцәа 14 мшы акарантин иахысроуп, мамзаргьы аҽыԥхьакра мҩаԥыргароуп. Аҽыԥхьакратә режим аҩны изықәымныҟәо асасааирҭа "Аиҭар" ахь инаагоит", - иҳәеит аминистр.

Агәабзиарахьчара аминистрра: Бжьаниа COVID-19 азы атест дахысит, авирус илам

Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит аепидемиаан зхырхарҭа ԥсаху Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иахьазы иахәҭоу зегь рыла ишеиқәыршәоу – ахыхьчагатә хархәагақәа, ахәшәқәа рыла.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа 700-ҩык акоронавирустә инфекциа заур алшо ауаа иахьазы иаднакылартә иҟоуп. Аҿкчымазаратә ҟәшаҿы 40 иара-ҭыԥ хианы иҟоуп.

Аоперштаб адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа иахьазы иҭоуп 17-ҩык. Хҩык лаҵара 21 рзы иҭырҩааит.

Ареспублика апандемиа қәҿиарала ишаҿагылоугьы, макьана аҽырҭынчра иаамҭам, адунеи аҿы акоронавирус шалаҵәац иалаҵәоуп иҳәоит аминистр.

Иахьазы Аԥсны 25-ҩык авирус рыхьхьеит. Фҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: