Аԥсуа наплакыҩцәа реиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" 56 миллион рҟынӡа аԥара еизнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция движения предпринимателей «Мы-Вместе»
Пресс-конференция движения предпринимателей «Мы-Вместе» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа наплакыҩцәа реиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" абзоурала Аԥсназы 56 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара еизгоуп.

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Аԥсуа наплакыҩцәа реиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" Аԥсназы 56 миллион 668 нызқьмааҭ еизыргеит ҳәа иҳәеит лаҵара 22 рзы апресс-конференциаҿ аиҿкаара ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку, амеценат Николаи Ачба.

Иара иазгәеиҭеит "Ҳара ҳаӡәыкуп" шҿырԥш бзиоу имариам аҭагылазаашьаан. Николаи Ачба иажәақәа рыла, аԥара рацәак иадымхалакәа еизган. Иара иҳәеит аԥара анаплак дуқәа реиԥш ахатәхаҿқәагьы ишеизыргаз.

"Аилахәырақәа алагала дуқәа ҟарҵеит, иаҳҳәап Важик Чачба иеилахәыра 15 миллион мааҭ аланагалеит", - иҳәеит иара.

Абизнесуаҩ Алхас Аргәын иазгәеиҭеит аус ду шуз.

"Иаҳзеиԥшу апроблема шыҟоу анаабо иҳалшо рацәоуп", - иҳәеит иара.

Работа онкодиспансера в Тамбове - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ атомограф мызкала аусура иалагоит иҳәеит

Аиҿкаара акоординатор Борис Барцыц иргәалаиршәеит хәажәкыра 26 рзы ишымҩаԥысыз усҟан ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганбеи аԥсуа бизнес ахаҭарнакцәееи реиԥылара. Ишазыӡбаз аиҿкаара аԥҵара.

Хәажәкыра 27 рзы Агәабзиарахьчара аминистрра аԥхьаӡамҭахь аԥарақәа неиуа иалагеит иҳәеит Барцыц.

"Иныхуп 54 миллион 942 нызқь мааҭ", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Арҭ аԥарақәа рыла иаахәан ахәшәқәа, амедицинатә хархәагақәа, аексперсс-тестқәа, атомограф ҳәа иҳәеит Борис Барцыц. Иазгәеиҭеит Москватәи аԥсуа диаспора алагаламҭа ду.

Аиҿкаара иахықәкы хаданы иҟоуп Аԥсны коронавирус аламырҵәаразы афинанстә цхыраара азыҟаҵара.

Иахьазы ареспубликаҿы 25-ҩык авирус рыхьхьеит. Фҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0