АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. Ичмазаҩхаз ирныруаз акурсантцәа ркарантин иацҵахоит даҽа ҩымчыбжь еиҵамкәа ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Скорик иазгәалҭеит агәаҭарацҵа ашьҭахь аепидемиологцәа ишазырыӡбо COVID-19 змаз ирныруаз еиҭахгьы ркарантин аамҭа апансионат "Аиҭар" аҿы ирхырго ирхырымго.
"Ичмазцәахаз ирныруаз, даҽа ҩымчыбжь акарантин иаҵанакуеит. Аинырра ыҟамызҭгьы, асанитартә бжьагарақәа ирықәныҟәозҭгьы, иахьазы атест цқьазаарын", - лҳәоит лара.
Скорик илҳәеит аҽыԥхьакратә режим иаҵанакуаз акурсантцәа рҩызцәа рҟынтәи ачымазара шьҭыркаар шауаз, акарантин аԥҟарақәа еиларгазар.
"Акурсантцәа аԥҟарақәа анеиларго ыҟоуп. Аихагылақәа рҟны рҩызцәа, ачымазара ахьыҟаз аҵараиурҭақәа ирҭазгьы, ирныруан, ирацәажәон, ирҭаауан", - лҳәоит аҳақьым.
Убри аан лара лажәақәа рыла ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.
"Акоронавирус чымазара асанитартә маҵзурақәа рганахьала ахылаԥшра амоуп", - лҳәоит Скорик.
Лиудмила Скорик Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит ауаа рацәа хьеизо аҭыԥқәа рыҽрыцәхьаркларц, асабрадақәа ныҟәыргаларц, арзҩыдаратә маҭәашьарқәа рхы иадырхәаларц.
Зынӡа ареспубликаҿ 25-ҩык авирус рыхьхьеит. Фҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- COVID-19 зманы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоу рҟынтәи хҩык ргәы бзиаханы иоушьҭуп
Арҷелиаԥҳа ачымазара ҿкы азы: ҳаҽнаҳамкылар, ахәшәтәырҭақәа ҳарзымкыр алшоит