Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҷелиаԥҳа ачымазара ҿкы азы: ҳаҽнаҳамкылар, ахәшәтәырҭақәа ҳарзымкыр алшоит

Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аштаб алахәыла, Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхра макьана изаацәан ҳәа аамҭа ишунарбо.

 

Арҷелиаԥҳа ачымазара ҿкы азы: ҳаҽнаҳамкылар, ахәышәтәырҭақәа ҳарзымкыр алшоит

"Ачымазара ҿкы зыхьуа дуздырӡом, идәылганы зегьы ҳрацәҳауа ҳалагар – ииашахом, иҭаҳҵаауеит иахьыҟаз, убри аҟынтәи есҽны иаҳҳәоит шәхы ԥхьашәк, амедицинатә сабрадақәа шәҿашәҵала, анапҭарԥақәа шәымӷашәҵа ҳәа. Акоронавирустә ҿкы зыхьуа илахь ианӡам ачымазара шимоу, иахьынтәаауа аӡәгьы издырӡом. Симптомада иҟоу ачымазцәа иаҳагьы ишәарҭоуп. Аџьармыкьа азна ауаа рацәа ахьалоу асабрада рхамкәа - ибзиаӡам. Ҳаҽнаҳкылар, ԥыҭк ҳгәабзиара ҳахьчоит, мамзар ахәышәтәырҭақәа ҳарзымкыр ҟалоит. Сара ҳақьымк иаҳасабала сгәаанагарала аԥкрақәа уаанӡа иркәадамзар акәын, аха аԥхьа иҟаз аҭагылазаашьа уи алнаршозар акәхарын. Шьҭа ашәахьарнахыс хәыҷык идырӷәӷәозар ҳәа сгәы иаанагоит. Аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит уи иазку аепидемиологцәа", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.

 

Акоронавирустә ҿкы иахҟьаны апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны ачымазара 20-ҩык ирыхьхьеит.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0