Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы џьара-џьара атротуартә плитақәа рыԥсахра иалагеит

Аусурақәа мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба идҵала. Аусуҩцәеи аекологцәеи аҵлақәа рышьаҭақәа ирԥырхагамхартә аусура мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы атротуартә плитақәа рыԥсахра иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Ақалақьргылара" аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.

"Уажәазы уаанӡа иқәыз аплитақәа рықәгара иаҿуп, аҵлақәа рдацқәа ԥырыҟҟоит, абри ашьҭахь аплита ҿыц шьҭаҵахоит", - иҳәеит Ԥиԥиа.

Аҟазауаҩ иажәақәа рыла, аҵла адацқәа еизҳацыԥхьаӡа аплитақәа шьҭырхит. Афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны аплитақәа зегь рыԥсахра алшом, убри азы иԥхасҭахаз рцынхәра аҿыц шьҭарҵоит, егьырҭ рҭыԥ аҿы ишьҭарҵоит.

Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы џьара-џьара атротуартә плитақәа рыԥсахра иалагеит

Аусурақәа мҩаԥысуеит ҩ-ҭыԥк рҿы - "Брехаловка" ааигәа-сигәеи Алашарбага аҳаблахь ахаҵәирҭаҿи.

"Џьара метр ԥшьыркцак аҭаххоит, аҽаџьара 5-6. Иааидкыланы 100-150 метр ԥшьыркца ԥсахтәуп. Аплитақәа шаақәаҳхлак, асмета шьақәҳаргылоит. Аусурақәа мҩаԥысуеит "Брехаловка" инаркны аресторан "Амра" аҟынӡа, нас Алашарбагахьтәи ахаҵәирҭаҟынтә аԥкьаҭасратә кортқәа рҟынӡа. Уа аҵлақәа рдацқәа аплитақәа зегь шьҭырхит уҳәар алшоит", - иҳәоит "Ақалақьргылара" аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.

Аусурақәа рымҩаԥгаразы акомиссиа ҷыда аԥҵоуп, уи иалахәуп аекологцәа.

"Аекологцәа иазгәарҭеит аҵла ашьаҭа аҟынтәи ҩ-метрак ихараноуп адацқәа рыԥҟара шыҟало ҳәа. Асеиԥш ауеит "Брехаловка" аҿы. Егьи аҭыԥ азы иҵегьы ҳаицәажәараны ҳаҟоуп", - иҳәоит иара.

Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, аусурақәа мчыбжьык аҩнуҵҟа ихыркәшахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: