Станислав Амҷба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит

Мшаԥы 22 рзы араион ахадараҟынтә ихы дақәиҭтәын Геннади Ҵәыџьба, уи ишьҭахь аамҭала иара инапынҵақәа наигӡон Михаил Агрба.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа далхуп Станислав Амҷба ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аслан Бжьаниа.

Станислав Амҷба диит хәажәкыра З, 1950 шықәса Џьгьарда ақыҭан. 1967 шықәсазы Џьгьардатәи ашкол далгеит, 1969 шықәсазы – Аҟәатәи аҳасабеилыргаратә школ.

1991 шықәсазы Аԥсны ААУ аекономикатә факультет далгеит.

1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Мрагыларатәи афронт актәи аполк акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, Леон иорден ианашьоуп.

2004 - 2009 шш. рзы Очамчыра Араионтә еизара адепутатс дыҟан.

2007 – 2015 шш. рзы Дранда ақыҭа ахадас дыҟан.

Мшаԥы 22 рзы араион ахадараҟынтә ихы дақәиҭтәын Геннади Ҵәыџьба, уи ишьҭахь аамҭала дыҟан Михаил Агрба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: