АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik. 2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны лаҵарамзанӡа еизгоу аҳазатә шәарақәа 94% инагӡоуп ҳәа азаарыцҳаит Sputnik Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҟынтәи.
"Апандемиа инадҳәаланы аԥкырақәа шалагалазгьы 2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны лаҵарамзанӡа еизго аҳазатә шәарақәа 94% инагӡоуп. Азеиԥш шәарақәа 687 миллион мааҭ ҟалеит" ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Ажьырныҳәа-лаҵара рзтәи аҳазалхратә шәарақәа 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳауп 85 миллион рыла рҳәеит аилак аҿы.
Лаҵара 12 рзы афинансқәа рминистрреи ашәахтәеизгареи аҳазалхратәи усбарҭақәеи русеицурала лаҵара раԥхьатәи жәамш рзы иалыршахеит 80 миллион мааҭ абиуџьет ахь инеиртә аҟаҵара иҳәеит Владимир Делба аԥыза-министр имҩаԥигаз аилацәажәараан.
Делба иажәақәа рыла, арҭ аԥарақәа иалдыршоит аҭыԥантәи абиуџьетқәа цхыраагӡак аҳасабала абиуџьет усхк аусзуҩцәа руалафахәы аларшәарц рыҭара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Афинансқәеи аекономикеи рминистрцәа ауалафахәқәеи Аинвестпрограммеи ирылацәажәеит
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра лаҵарамзатәи алагалақәа рзы аҳасабырба ҟанаҵеит