Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра лаҵарамзатәи алагалақәа рзы аҳасабырба ҟанаҵеит

CC0 / / Деньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәымз рыла абиуџьет ахь иаланагалаз аԥарақәеи аплан ала иарбаз аԥарақәеи 52 миллион 460 нызқь мааҭ рыла ишеивыгоугьы, 2019 шықәсазтәи арбагақәа рыҩаӡара аҟынӡа иҟоуп.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа. Аминистр лаҵарамзазы абиуџьет ахь инеиз ашәахтәԥарақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл рабочую встречу с министром по налогам и сборам Дауром Курмазия. - Sputnik Аҧсны
Мшаԥымзазы алагалақәа лаҟәит: ашәахтәқәа рзы аминистри аԥыза-министри еилацәажәеит

Кәырмазиа иҳәеит лаҵарамза 26 аҭагылазаашьала, хәымзтәи аплан 94% рыла инагӡоуп ҳәа, иартәеит 818 миллион мааҭ, планла 871 миллион ахьазԥхьагәаҭаз.

Аминистр иажәақәа рыла, хәымзтәи алагалақәеи аплан ала иарбази 52 миллион 460 нызқьмааҭ рыла ишеивыгоугьы, 2019 шықәсазтәи арбагақәа рыҩаӡара аҟынӡа иҟоуп.

Иара иҳәеит лаҵарамзазы шәахтәҳасабла ареспублика абиуџьет ахь ишаланагалаз 235 миллион мааҭ, планла иазгәаҭаз 189 миллион рхаҭыԥан.

Аминистр иажәақәа рыла, апланцҵатә лагала азгәаҭоуп Аҟәа ақалақь, Аҟәа, Очамчыра араионқәа рҿы ҳәа. Ури аан аиҵахарақәа ыҟоуп Гал, Тҟәарчал, Гәдоуҭа араионқәа рҿы.

Иара иазгәеиҭеит мшаԥымзазы ашәахтәшәарақәа рырбагақәа ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 60% шыҟаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0