Изаҭахузеи Урыстәыла Шьамтәыла арратә базақәа

Владимир Путин Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнапы ианиҵеит Шьамтәыла ахаҭарнакцәа ирыҿцәажәарц урыстәылатәи арратә базақәа ирыҭазарц еиҭамҵуа амазарақәеи акваториақәеи.
Sputnik

Александр Хроленко, арратә хҳәааҟаҵаҩ

Шьамтәыла арратә азақәа рҵакыра ырҭбаауа Урыстәыла жәларбжьаратәи апозициақәа арӷәӷәоит, адгьылбжьаратә мшыни Мрагылара Ааигәеи рҿы аныррақәа ирыцнаҵоит.

Амшынеиқәаҿ Урыстәыла имҩаԥнаго ганрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа НАТО иаҭакуп

Владимир Путин лаҵара 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнапы ианиҵеит Шьамтәыла ахаҭарнакцәа ирыҿцәажәарц урыстәылатәи арратә базақәа ирыҭазарц еиҭамҵуа амазарақәеи акваториақәеи.

Шьамтәылатәи аган ақәшаҳаҭхараан арҭ аусбарҭақәа Урыстәыла ахьӡала аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩуеит. Ари уаанӡатәи астратегиеи атактикеи ирыцҵо усуп, жәларбжьаратәи азин иақәшәо иҟоуп.

Аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо Урыстәыла Адгьылбжьаратә мшыни Мрагылара Ааигәеи арра-политикатә нырра арӷәӷәароуп, ШьАР аҟны арратә контингент ааннажьроуп. Раԥхьа иргыланы жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ҭышәынтәаларц азы.

Иахьазы ирантәи ари ливантәи Хезболлеи арантә рықәҵраан урыстәылатәи ар роуп азиншьаҭа аманы атеррористтә еиҿкаарақәа ирҿагыло аҳәаанырцәтәи амчра. Атактикатә план ала урыстәылатәи ар робиектқәа рҵакыра арҭбаара хәарҭахоит Тартус, Хмеимим рҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы.

Шьамтәыла игылоуп урыстәылатәи арратә обиектқәа ҩба – авиабаза Хмеимим (ара ҿҳәарада игылоуп аҳаиртә гәыԥ), аматериал-техникатә еиқәыршәара апункт (ПМТО) Тартус (ара 49 шықәса ҿҳәарас ирыманы аҽа 25 шықәса анахара азин ыҟаны игылоуп арра-мшынтә мчра аӷбақәа). Дамаск иҟанаҵаз аҳәарала 2015 шықәса рзы Хмеимим инаган аҳаиртә мчрақәа. Убри ашьҭахь ауп ИГ иаҿагыланы аоперациа анхацыркхагьы. 2017 шықәса рзы Москвеи Дамаски рнапы аҵарҩит даҽа документк. Иара инақәыршәаны Тартус игылар ҟалоит 11 рҟынӡа урыстәылатә ӷба.

Иҟалои ԥхьаҟа: Ҭырқәтәылеи ЕАА реизыҟазаашьақәа ззыԥшу

Аҭышәынтәалара аҵакыраҿы

Ҳәарада Шьамтәыла ақәшаҳаҭуп аҵакыраҿы урыстәылатәи арратә мчра аҟазаареи арҭбаареи. Уи убри аҟынӡа валашьа амам, Мраҭашәара зны-зынла даҽакала аҭагылазаашьа ыҟоушәа анырҳәо иџьашьатәхоит.

Шьамтәылеи Урыстәылеи реинырра аҭынчра иамҩоуп аԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы. Ари бзианы еилыркаауеит арегионалтә хәмарыҩцәагьы. Аҽаганкахьала Адгьылбжьаратә мшын аҿы ЕАА АММ 6-афлот аӷбақәа рыҟазаареи анефҭыҵхырҭақәа ар рнапаҿы аҟазаареи акыршықәсатәи ауааԥсыра рзы ишшәарҭоу еилкаауп.

Урыстәыла ар рыштаб хада рашәара 1 азы ЕАА Шьамтәыла иҟоу урыстәылатәи арратә обиектқәа рааигәара имҩаԥнагаз аҳауатә ԥшыхәра уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа ирҿагылоит ҳәа. Ус шакәугьы америкааи урҭ рҩызцәеи арҭ аҭыԥқәа рҿы ршәара рыхҟьаны иҟоуп. Лассы-лассы урыстәылатәи аҳаирпланқәа Су-35 ЕАА АММ 6-афлот аԥшыхәцәа ԥхьарцоит. Абарҭқәа раан урыстәылатәи авиациа ахымҩаԥгашьа жәларбжьаратәи аԥҟарақәа ирыцәхьаҵуам.

Адунеиаҿ ацәажәара ду ахылҿиааит британиатәи аӡаҵаҟатәи аӷба амҵәыжәҩа змоу аракетақәа рыла Шьамтәыла аҵакыра ажәлара анагәҭакыз, аха уи урыстәылатәи асубмаринақәа иахьалыдмыршаз ахҭыс.

Шьамтәыла апроблема далацәажәо Шьамтәылаз ЕАА ахаҭарнак ҷыда Џьеимс Џьеффри иҳәеит: "Сара исуалу уа аурысқәа рзы иӡытҟәаны аҟаҵароуп". Москва ԥхьаҟатәи апланқәа идыру усуп. Владимир Путин уаанӡагьы аҳәамҭа ҟаиҵахьан: "Ҳара ари арегион аҿы ҳинтересқәа ҳахьчоит. Ар уа иҟалоит аинтересқәа ҳаманаҵы" ҳәа. Еилкаау акоуп иааиуа 50 шықәса Шьамтәылантәи аурыс ар шалгамхо.

Абџьар ҿыц

Ҳәарада Шьамтәыла аурыс бџьар ахьԥыршәо полигонӡам, аха усеиԥш иҟалеит шьамтәылатәи аоперациаан, ара игәаҭахеит урыстәылатәи атәылахьчара-ааглыхратә комплекс анаплакқәа рҭыжьымҭақәа гәарҭартә еиԥш. Ари аԥышәа ахәшьара ҳаракуп.

Шьамтәылоуп раԥхьаӡа акәны рхы иахьадырхәаз амҵәыжәа змоу аракетақәа "Калибр", аӷбақәа асубмаринақәа.

Урыстәылеи Шьамтәылеи Адгьылбжьаратә мшын аҟны аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Урыстәылатәи авиациа хара раԥхьаӡа акәны атеррористцәа ирықәкны ахы ианархәеит астратегиатә ракетақәа Х-101 (рыхарара 5000 км (аракета аиадертә версиа (Х-102) 250 килотонн азариад мҩанызго). Ари амчра аарԥшра аӷацәа рзы гәҽанҵагоуп.

Шьамтәылатәи ареспубликаҟны амчра аанарԥшит абомбакажьга Су-34. Аԥышәарақәа ирхысит ахырхарҭа рацәа змоу Су-57, иҿыцу атанк Т-14 "Армата", арадиоелектронтә ҿагылара асистема (РЭБ) уҳәа егьырҭгьы.

Шьамтәыла иԥышәоу урыстәылатәи абџьар аинтерес ркуеит аҳәаанырцә аахәаҩцәа. Агәаран иқәгылоит Су-34 аахәараз, Египт, Индиа, Китаи уҳәа рыҿцәажәара Москва азыҳәақәа аиуит Т-14 "Армата" аахәаразы.

Уи адагьы аибашьратә ҭагылазаашьаан урыстәылатәи ар ироуит иарбанызаалак аҽазыҟаҵараан иумоуа аԥышәа. 2015 шықәса раахыс ара иеибашьуаз ирбеит иахьатәи аамҭазы заҟа иҳараку аԥшыхәра, аимадара, еиуеиԥшым амчрақәа реинырра ахадара. Абас ала еиҳа-еиҳа ирацәахоит зыпрофессионализм ҳараку аҟазауаа.