Вашингтон адгылаҩцәа ршьаҿақәа зегьы (агазмҩангага ашьҭаҵароума, ПВО асистемақәа раахәароума) изызхазаалак ахылаԥшра аҭара иҟанаҵо жәларбжьаратәи аизыҟазаашьаҿы аимак-аиҿак цәырнагоит. Иахьа агәаҭара ду иахысуеит Ҭырқәтәылеи Америкеи реизыҟазаашьа.
Америкатәи аконгрессменцәа Анкара лахь арҭар рҭахуп урыстәылатәи азенит-ракетатә системақәа (ЗРС) ахьаанахәаз азы. ЕАА рхада Дональд Трамп иадминистрациа шаҿагылазгьы, ЕАА Рсенат жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак иаднакылеит Ҭырқәтәыла ЗРС С-400 ахьаанахәази Шьамтәыла аҩадатәи ахәҭа иахьалалази рзы асанкциақәа адгалара алзыршо азакәан апроект.
Азакәан апроект адгылара арҭоит адемократцәагьы ареспубликанеццәагьы. Асенат асанкциақәа ирықәшаҳаҭхар, атәыла ахада Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистр Хулуси Акараеи егьырҭ, Шьамтәыла ахәҭа алалара иадҳәалоу ахаҿқәеи рганахьала асанкциақәа ҟаиҵароуп. Администрациа иара убасгьы асанкциақәа ҟанаҵароуп Анкара ЗРС С-400 ахьаанахәаз азгьы. ԥхьаҟазы Ҭырқәтәылазы иԥкхар ҟалоит америкатәи атауарқәа роуреи амаҵзурақәа рзынагӡареи. Уаанӡа Вашингтон Анкара F-35 аҭыжьреи аахәареи рпрограмма иалнаххьан.
Дональд Трамп асанкциақәа рганахьала аҽынкылара ҟаиҵоит, Анкара ахатә зинқәагьы амоуп иҳәоит. Трамп иҳәоит аамҭаказы Ҭырқәтәыла ПВО асистема "Патриот" аахәара шаҭахыз, аха Барак Обама уи мап шацәикыз.
Ҭырқәтәыла акәзар, асанкциақәа рҭак ҟаҳҵоит ҳәа иқәгылоуп, С-400 аахәарагь мап ацәнакуам.
ЕАА ргәаанагарала, Урыстәыла асистемақәа С-400 Ҭырқәтәыла аҵакыраҿы ахы ианархәар ҟалоит америкатәи абомбакажьга F-35 агха-ԥхақәа реилкааразы. Абри инадҳәаланы Вашингтон Анкара ЕАА ринтересқәа аҭиит ҳәа иаԥхьаӡоит. Убри азоуп аерманцәа агеноцид рызун ҳәа зазхарҵазгьы.
ЕАА Рсенат Османтәи аимпериаҿ 1915 шықәса рзы аерманцәа рнырҵәара агеноцид ҳәа ахырҳәааит.
Ҭырқәтәыла ахада Иусбарҭа ахаҭарнак Фахреттин Алтун иазгәеиҭеит: "Арезолиуциа Америкеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ибзиоу акы акәны иҟам, хәарҭаракгьы алам", - ҳәа.
Асанкциақәа ралагалара ахҳәаа аҭо, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиуҭ Чавушоӷлу иазгәеиҭеит: "ЕАА Рконгресс алахәылацәа ирдыруазароуп Анкара ақәымчра шыҟамло", - ҳәа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит асеиԥшқәа раан ЕАА равиабазақәа "Инџьирлиқь"-и "Қьуреџьиқь"-и ахрархәара азҵаара цәырҵыр шалшо.
Аимак аганқәа рхымҩаԥгашьа аҭырқәа-америкатәи аизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа идыруадаҩуеит. Абри иацнаҳәоит америкатәи агазеҭ The New York Times "Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи ЕАА рзы еиҳа ашәарҭара рылоуп ИГИЛ аасҭа" ҳәа анаҩуа.
Вашингтон иҟанаҵо ақәыӷәӷәара аҭакс Анкара америкатәи абазақәа анаркыр, Ааигәамрагыларатәи арегион аҿы агеополитикатә еибарххара ҟамлар ҟалом. Анкара ЕАА аҳаиртә мчқәа рзы авиабазақәа Инџьирлиқьи Қьуреџьиқьи адыркыр, америкатәи аиадертә бомбақәа В-61 арантәи иқәгахоит. В-61 рықәгара иаанаго, Вашингтони Анкареи "рыбӷьыц аԥжәароуп".
Инџьирлиқь – Мрагылара ааигәа зегь иреиҳау аҭырқәа-америкатә базоуп. ЕАА Ираки Шьамтәылеи имҩаԥнаго арратә операциақәа рзы аҵак ду амоуп. Ароуп иахьыҟоу аштабқәа, арсеналқәа, арадионавигациатә хархәагақәа. 3000 метра иҟоу ашьҭыԥраара-ртәаратә цәаҳәа иаднакылоит астратегиатә бомбакажьгақәа.
Қьуреџьиқь акәзар, уа игылоуп НАТО аракетаҿагыларатә системақәа.
Анкара иҟоуп америкатәи арратә миссиа аштаб. Зынӡа иааидкыланы Ҭырқәтәыла игылоуп 2700 америкатәи аруаа. Аусқәа шцо ицар, урҭгьы аҽаџьара ииагатәхоит.
Бырзентәыла адырра ҟанаҵахьеит америкатәи арратә базақәа Ҭырқәтәыла иқәҵуазар иара аҵакыраҿы рыдкылара ишақәшаҳаҭу. Аха аинфраструктура ҿыц аиҿкаара Пентагон азы ипроблема дууп, иагьымариам, аамҭагьы аҭахуп, хәыԥсалагьы иуадаҩуп.
Мевлиуҭ Чавушоӷлу ԥхынҷкәын 11 рзы иҳәеит F-35 ЕАА аҭира мап ацәыркуазар, Урыстәылахь ахьаԥшра шыҟарҵо. ЗРС С-400 аахәара ашьҭахь Ҭырқәтәыла арра-политикатә напхгара урыстәылатәи Су-35, Су-57 ирышьклаԥшуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
"Аҭынчра ахыҵхырҭа", "ахшыҩ аԥсра", "агәыла ду": НАТО аиубилеитә саммит
-
Ҭырқәтәыла урыстәылатәи С-400 арадарқәа рԥышәара иалагеит