Аслан Бжьаниа: Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа миллиард мааҭла зыхә тәо аалыҵ цоит

Аслан Бжьаниа хаҭала далацәажәеит аԥсуа-аурыси аԥсуа-ақырҭуеи ҳәынҭқарратә ҳәаақәа рҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа русура апроблема хадақәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа миллиард мааҭ рыхә аалыҵ цоит ҳәа иҳәеит адепутатцәа рԥылараан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

"Миллиард мааҭла зыхә шьақәтәо аалыҵ аҳәаа иахыргоит. Аҳазалхратә еилаки ақыҭанхамҩа аминистрреи рдыррақәа рыла, ашықәс аҩныҵҟа иаадрыхуа араса 11-12 нызқь тонна ыҟоуп. Ианеиҳаха 10% ауп абри аҟынтәи Урыстәылаҟа ирго. Егьи зегьы Қырҭтәылаҟа ицоит, аԥарақәагьы ззаанхо аконтрабанда знапы алаку ауаа роуп", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Ахада агәыӷра ааирԥшит аҳәынҭқарратә ҳәаа иахәҭоу ахылаԥшра аиуп ҳәеи абарҭ азҵаарақәа рызнеишьа еиҭакхап ҳәеи.

Аҳәаахьчаҩцәа Аԥсныҟа абџьар алагалара аԥдырҟәҟәааит

Аслан Бжьаниа игәаанагарала, иара убасгьы еиҭактәуп аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иҟоу арежим. Уи хы аманы иҟам. Иара игәаанагарала, уантәи иқәгатәуп иахәҭам ахылаԥшратә усбарҭақәа.

"Урыстәылатәи аган абриаҟара хылаԥшратә усбарҭа ргыларазы рхатә гәаанагара рымоуп. Дара ацәшәоит Аԥснынтәи абџьар ахыгара. Ус анакәха ҳара уи абџьар ахылаԥшра аҳҭароуп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Убри аан иара иазгәеиҭеит излацәажәо ауааԥсыра абџьар рымхра шакәым, иара ашәҟәҭагалареи, аҵәахразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи, арҭ аԥҟаррақәа реилагаразы аҭакԥхықәреи шракәу. Абри азҵаара аӡбра ашьҭахь акәхоит аԥсуа ган Урыстәылахь аҳәааҿы арежим арԥсыҽразы ажәадгала ҟанаҵар аналшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: