АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Ԥынгыла змам ашьаҟамҩа шьҭаҵахоит Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзураҿы.
Аусбарҭаҿы иҟарҵаз адыррала, ас иҟоу ашьаҟамҩа ылгазаауеит аресторан "Амра" аҿаԥхьа инаркны аресторан "Аԥра" аҿаԥхьа аҟынӡа.
"Ақалақь ахадарахь иадҵаалеит архитектор қәыԥшцәа, иахьауа абри аҩыза иԥынгыладоу ашьаҟамҩа ақәҵаразы ахаԥшьгара рыманы. Иазаҳаӡбеит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәала ҳалагарц. Аусурақәа цоит лаҵарамза аҽеиҩшамҭа инаркны: уажәы ашьаҟамҩа ахаҳәқәа рыԥсахра ҳаҿуп, еизаку, ацәхыԥқәа змам абульвар ҟалоит, алашара ақәырҳаны", – рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Уажәаԥхьа Аҟәа ахада Беслан Ешба диԥылеит ассоциациа "Инва-Содеиствие" адиректор Алхас Тхагушев, иара арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны иазгәеиҭеит ажәадгала шыҟаиҵаз ақалақь амҩақәа рҟны апандусқәеи, шәарҭара зцым амҩеихысырҭақәеи, агыларҭақәеи реиҿкаара аганахьала.
"Ҳазлацәажәаз азҵаарақәа зегь рыла аилибакаара ҳауит", – иҳәеит иара.
Аиԥылараҿы Беслан Ешба иазгәеиҭеит, ақалақь аҿы ҿыц иргылахо аобиектқәа зегьы апандусқәа рымазароуп ҳәа.
Лаҵарамзазы Аҟәа ақалақь ахадара нап рыланакит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны ашьаҟамҩа ахаҳәҟьаԥсқәа рыԥсахреи, иааԥшыз аҵла дацқәа рхырффареи иазкыз аусқәа. Арҭ аусурақәа цоит ҩыџьара: акаҳуажәырҭа "Брехаловка" азааигәареи Алашарбагахь узго амҩабжьаларҭа азааигәареи.
Уи адагьы ргәы иҭоуп аҳҭнықалақь апаркқәеи Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭеи рырԥшӡара иазку аусқәа рымҩаԥгара. Убас, ақалақь агәҭа иҟоу апарк "Алакә" арыцқьара иалагахьеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аамҭалатәи аремонт: аҟәатәи амҩақәа фба рҿы ажрақәа акаҭран рҭадырҭәоит