АҞӘА, рашәара 5– Sputnik. Амуниципалтә унитартә наплакы "Амҩаремонтргыларатә наплакы" ақалақь амҩақәа рҟны ажратә усурақәа мҩаԥнагоит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Ахадара аусбарҭа анапхгаҩы Зураб Аҳәба иажәақәа рыла, аусурақәа мышқәак имҩаԥыслоит.
"Ақалақь амҩадуқәа рацәаны аремонт рҭахуп. Акаҭран Гәдоуҭантәи иааҳгоит. Иаци иахьеи машьынала иааҳгеит", - иҳәоит иара.
Планла ажратә ремонтқәа ҟаҵахоит Аиааира, Сахаров, Иналиԥа амҩақәа рҿы. Аҭыԥантәи амҩақәа ақалақь ахадара аԥаразоужьра рзыҟанаҵоит. Амҩатә фонд аԥаразоужьрала аремонтқәа ҟаҵахоит ареспубликатә ҵакы змоу Лакобеи Дбари рымҩақәа рҿы.
Зураб Аҳәба иазгәеиҭеит ари зегьы аамҭалатәуп, ахы инаркны аҵыхәанӡа амҩа акаҭран рықәҵаразы еиҭа аусурақәа аҭахуп ҳәа.
"Уи азы акоммуникациақәа, аӡымҩангагақәа, аӡышьҭрақәа, аканализациақәа ԥсахтәуп. Уи аамҭеи аԥареи аҭахуп. Уажәы ҳазҿу шықәсқәак ҳабоит. Нас ари азҵаара рыӡбозар акәхап", - иҳәеит иара.
Аҳәба иажәақәа рыла, акапиталтә ремонт ҟаҵахоит урҭ зегь аныԥсаххалак ашьҭахь. 2022 шықәса рзы иазԥхьагәаҭоуп Џьонуа, Абазақәа, Гәлиа амҩақәа рҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ешба анапынҵа ҟаиҵеит Аҟәа анхарҭатә фонд асистематә еиҿкаара аҭазарц
-
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы џьара-џьара атротуартә плитақәа рыԥсахра иалагеит