Аԥсны Абанк 40 миллион закәаншьаҭада "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит ҳәа иахарарҵо аҭак ҟанаҵеит

Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит аинформациа Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа закәаншьаҭада 40 миллион мааҭ "Аԥсныбылтәы" Гәдоуҭатәи анефттә база иазоуижьит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12- Sputnik. 40 миллион мааҭ абанкбжьаратә кредит ҳасабла Амилаҭтә банк акоммерциатә банк "Сухум-Банк" 2015 шықәса рзы ианаҭеит.

Асоциалтә ҳа Facebook аҿы ицәырҵит анонимтә информациа Аԥсны Абанк закәаншьаҭада 40 миллион мааҭ "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит, уажәы атәанчаҩцәа рԥаратә-хсаалақәа рҟынтәи аԥарақәа анырхуеит акредит ахарҭәааразы ҳәа.

Апрокуратура хада аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" агәаҭара мҩаԥнагоит

Амилаҭтә банк апресс-релиз аҿы иаҳәоит "Сухум-Банк" акредит аҭан иара аклиент – "Аԥсныбылтәы" Гәдоуҭатәи анефттә база акредит анаҭарц азы ҳәа. Акредит ашәара аҿҳәара еиқәшаҳаҭрала ишьақәыргылан: 2017 шықәса, абҵарамза.

Амилаҭтә банк адыррала, акредит иарбоу аамҭазы инагӡаны ишәан. Ури аан иара процент ҳасабла 7 164 036 мааҭ афеида аиуит.

Аԥсны Абанк акоммерциатә банкқәа рыҳәарала аԥара-кредиттә политика мҩаԥнагоит атәылаҿ абанктә система арӷәӷәаразы, ирнаҭо акредитқәа ракәзаргьы хымԥада дара рклиентцәа – аиурист хаҿқәеи ахаланаплакыҩцәеи кредит ҳасабла ирырҭалароуп.

"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи аиҳабы Беслан Аҩӡба иганахьала ашьаус хацыркуп ацәгьоурақәа ԥшьба рыла Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ "Инапы ианҵаз аҳәынҭқарратә мазара мҽахы ҭбаала ахатәтәреи аныхреи" ахәҭаҷ инақәыршәаны. Ашьаусҭҵаара излаԥхьаӡаз ала, Аҩӡба ицәгьоура иалҵшәаны аҳәынҭқарра иаиуз аԥхасҭа иааизакны иартәоит 31 миллион 438 нызқь мааҭ, аха ари аԥхасҭа аԥхьаӡара макьана ихыркәшаӡам. Ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩӡба Аҳәынҭнаплакы анапхгаҩыс иусура аамҭа зегьы ҭырҵаауеит аԥхасҭа зегьы амҽхак аилкааразы. Аҩӡба ԥхынгәы 20 рҟынӡа аҩнытә рбаандаҩра идҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: