"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада даанкылоуп

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада Беслан Аҩӡба ихарала иҟоу ахарџь 30 миллион мааҭ инаӡоит.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит аилахәыра "Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада Беслан Аҩӡба иганахь ала ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Хәажәкыра 11 рзы Аҩӡба ахара идуп ҳәа агәаанагарала даанкылоуп.

Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" агәаҭара мҩаԥнагоит

Аус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 инақәыршәаны ацәгьоура аԥшьы-хәҭак рыла ("Аҳәынҭқарратә мазара ахатәтәреи аныхреи").

"Иааидкыланы аҳәынҭқарра 31 438 000 мааҭ аԥхасҭа азууп Аҩӡба ицәгьоуратә умҭақәа ирхырҟьаны, аха ари хыркәшаратә шьақәыргылам. Аусҭҵаара иацҵахоит аԥхасҭа ахышәа-ҵышәа нагӡа ашьақәырӷәӷәаразы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада Беслан Аҩӡба имаҵура данахагылаз имаҵзура ихы иархәаны, аилахәыра аусзуҩцәа аҽа џьоукы алархәны (макьаназы ишьақәыргылам) аҵәахырҭаҟынтәи 25 миллион 818 нызқьмааҭ зыхәԥса наӡо анефҭ аалыҵ ҭыганы ирхатәыртәит ҳәа агәызҩара ыҟоуп.

Иара убасгьы Аҩӡба "Аԥсныбылтәы" аԥарақәа (миллионки 700 нызқьмааҭ) итәитәит аилахәыра аԥараԥхьаӡараҟынтәи ихаҿытә ԥхьаӡарахь риагарала.

"Аҩӡба имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аилахәыра аԥарақәа (920 000 мааҭ) итәитәит акомандировкақәа рзы иныхуп ҳәа арбаны", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥара ахатәтәраҿы аԥшьбатәи хҭысуп Беслан Аҩӡба х-миллион мааҭ анаплакы акассаҿы ахарџь-кассатә ордер ала иоура, уаанӡатәи ирзаҳал инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0