Еныкь еиҭалҳәеит Џьырхәатәи ашкол аҿы иаарту "аԥсуа уадаҿы" иӡыргоу амаҭәарқәа ртәы

Џьырхәатәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Гәында Еныкь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ашкол аҿы еиҿкааны илымоу аԥсуа жәытә маҭәарқәа ирызку ауада аԥҵара шалыршахаз атәы.
Sputnik
Еныкь еиҭалҳәеит Џьырхәатәи ашкол аҿы иаарту "аԥсуа уадаҿы" иӡыргоу амаҭәарқәа ртәы

"Акыраамҭа иаҳҭахын ашкол аҿы ажәытә аԥсуа маҭәахәқәа рцәыргақәҵа аиҿкаара. Ахәыҷқәа аурокқәа раан инаԥшны рылаԥш иабаратәы ажәытәан аԥсуаа рхы иадырхәоз, рнапы иҟанаҵоз амаҭәахәқәа, аха амаҭәарқәа реидкылара ус имариамызт. Сара аҭаацәара сахьаланагалаз ирыман ажәытә маҭәарқәа, иара убас дыҟан анапҟаза, еиҭа иҳазҭаз амаҭәахәқәа, убас ҳалагеит ауада аиқәыршәара. Ахәыҷқәагьы аинтерес зызцәырҵыз ҟалеит, урҭ рыҩнаҭақәа рҟынтә иааргон амаҭәарқәагьы. Иҟоуп ажәытә кәаскьа андыргылоз рхы иадырхәоз ашьалашьын, иара напылаҟаҵароуп, иахьатәиқәа зынӡа иреиԥшӡам. Иҟоуп 60 шықәса инареиҳаны изхыҵуа агара, қыҭак ахәыҷқәа ааӡахьеит. Абасала, ахәыҷқәа ҳара идаҳмырбар, дара шьҭа ирбаӡом ажәытә матәахәқәа. Аҵаҩцәа иргәаԥхоит ари ауадахь ааира, аинтерес ркуеит, уи дара ааӡоит хәа иҳаԥхьаӡоит", - еиҭалҳәеит Еныкь.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

иара убас шәаԥхьар ҟалоит: